Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи

08.06.2016 Ашьапылампыл асразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә еизгатә команда иалахәу иранашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара

Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра абаҩырҵәыреи аспорти рыҿиараҟны рлагаламҭа ду азы Ашьапылампыл асразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә еизгатә команда – ConIFA ахьӡала Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионцәа иранашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара.


02.06.2016 Руслан Ҭаркьыл ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” III аҩаӡара аорден

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба абаҩрҵәыреи аспорти рыҟны хаҭала иеихьӡара ҳаракқәа рзы ихьанҭоу атлетиказы СССР ачемпион Руслан Расим-иҧа Ҭаркьыл ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” III аҩаӡара аорден.


02.06.2016 Иаҵаҩуп араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рхадацәа раҭаразы Аусҧҟа

Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рхадацәа раҭаразы Аусҧҟа.


13.05.2016 Иван Какалиа ихҵоуп «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы

Аҧсны Ахада Иусҧҟала аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» асолист КАКАЛИА И. Хь. ихҵоуп «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.


10.05.2016 Аҳаҭыртә хьыӡқәеи аорденқәеи ранашьаразы Аусҧҟа

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҳаҭыртә хьыӡқәеи аорденқәеи ранашьразы Аусҧҟа.


29.04.2016 Аламиа Геннади ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡара

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿиареи арҕәҕәареи рыҟны илагаламҭа ду азы Аламиа Геннади Шьалико-иҧа ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡара.


15.04.2016 Иури Латариа ианашьоуп «Ахьӡ-аҧша» аорден III аҩаӡара

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Иури Спиридон-иҧа Латариа шықәсырацәалатәи лыҵшәабзиала иусуразы, ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара активла иалахәразы ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара.


01.04.2016 Шьалуа Гыцба ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба атеатртә ҟазараҟны илагаламҭа ду азы ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара


31.03.2016 Иаҵаҩуп “Агәымшәаразы” амедал анашьаразы Аусҧҟа

Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит “Агәымшәаразы” амедал анашьаразы Аусҧҟа.


02.02.2016 А Д Ҵ А



Новости 341 - 350 из 359
Начало | Пред. | 32 33 34 35 36 | След. | Конец

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org