А.Иу. Бараҭелиа Гәылрыԥшь араион администрациа ахада имаҵураҟнытә ихы иақәиҭтәразы Аусԥҟа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аслан Иури-иԥа Бараҭелиа Гәылрыԥшь араион администрациа ахада имаҵураҟнытә ихы иақәиҭтәразы.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә акрақәа рыҟны напхагараҭаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 1997 ш. жьҭаарамза 23 аҟн. №375-с-XIII инақәыршәаны ихы дақәиҭтәызааит Аслан Иури-иԥа Бараҭелиа Гәылрыԥшь араион администрациа ахада имаҵураҟнытә даҽа усурак ахь ииагара инамаданы».