Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи

06.02.2023

Изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы арепсубликатә штаб аԥҵаразы Аусԥҟа

Изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы анагӡаратә мчхара аусбарҭақәа русура аиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵазааит Ареспубликатә штаб абри аилазаараҟны:

Анқәаб А. З. – Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр – аштаб анапхгаҩы;

Нанба Џь. Е. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы;  

Ахьиба Т. И. – Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ;

Ашәба З. Р. – Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ;

Зингишьвили Р. В. – АЕН «Амшынеиқәафымцамч» Адиректор хада ин.н.;

Озган К. К. – Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр;

Сангәлиа Н. Т. – Астандартқәеи, ахархәаратәи, атехникатәи хылаԥшразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы;

Ҷкадуа Б. Р. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ.




  


    
  




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org