Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи

М. Гәыргәлиа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы Аусԥҟа

Ажурналистика аусхк аҟны алшамҭақәеи шықәсырацәалатәи лыҵшәа змоу аусуреи рзы  «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Гәыргәлиа Манана Михаил-иԥҳа, АҲӘУ «Апснымедиа» аинформациатә усбарҭа «Аԥсныпресс» аредактор хада.

     Манана Гәыргәлиа диит 1957 шықәса жәабран 6 рзы Очамчыра ақалақь аҟны.
1979 ш. далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа афакультет.
1993 ш. лаҵарамза инаркны 1995 ш.-нӡа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә ҟәшаҟны аус луан.
1995 ш. хәажәкырамза инаркны 2003 ш. рашәарамзанӡа аҳәынҭқарратә информаҵзура "Аԥсныпресс" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
2014 ш. инаркны 2020 ш. ԥхынгәымзанӡа аинформациатә маҵзура «Аԥсны-Информа» аԥҵаҩыси адиректорси дыҟан.
2020 ш. ԥхынгәымза 16 инаркны 2021ш. ԥхынҷкәынмза 31-нӡа АҲӘУ «Апсныпресс» адиректорс аус луан.
  2003 ш. инаркны 2012ш.-нӡа напхгара алҭон ажурналистцәа руаажәларратә еиҿкаара «Аҟәатәи  Медиа-клуб».
  2022ш. ажьырныҳәамза 1 инаркны АҲӘУ «Апснымедиа» аинформациатә усбарҭа «Аԥсныпресс» аредактор хадас дыҟоуп.


АХАДА                     А.Бжьаниа

Возврат к списку