М. Гәыргәлиа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵаразы Аусԥҟа
Ажурналистика аусхк аҟны алшамҭақәеи шықәсырацәалатәи лыҵшәа змоу аусуреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Гәыргәлиа Манана Михаил-иԥҳа, АҲӘУ «Апснымедиа» аинформациатә усбарҭа «Аԥсныпресс» аредактор хада.
Манана Гәыргәлиа диит 1957 шықәса жәабран 6 рзы Очамчыра ақалақь аҟны.
1979 ш. далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет афилософиа афакультет.
1993 ш. лаҵарамза инаркны 1995 ш.-нӡа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә ҟәшаҟны аус луан.
1995 ш. хәажәкырамза инаркны 2003 ш. рашәарамзанӡа аҳәынҭқарратә информаҵзура "Аԥсныпресс" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
2014 ш. инаркны 2020 ш. ԥхынгәымзанӡа аинформациатә маҵзура «Аԥсны-Информа» аԥҵаҩыси адиректорси дыҟан.
2020 ш. ԥхынгәымза 16 инаркны 2021ш. ԥхынҷкәынмза 31-нӡа АҲӘУ «Апсныпресс» адиректорс аус луан.
2003 ш. инаркны 2012ш.-нӡа напхгара алҭон ажурналистцәа руаажәларратә еиҿкаара «Аҟәатәи Медиа-клуб».
2022ш. ажьырныҳәамза 1 инаркны АҲӘУ «Апснымедиа» аинформациатә усбарҭа «Аԥсныпресс» аредактор хадас дыҟоуп.
АХАДА А.Бжьаниа