Габелиа М.В. ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрс иаҭаразы Аусԥҟа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрс даҭазааит Габелиа Михаил Валери-иԥа», - аҳәоит аҳәынҭқарра Ахада нанҳәамза 19 рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа.