Смыр Н.И «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа ахьӡ лыхҵаразы Аусԥҟа
Арҵаҩратә усураҟны, изызҳауа абиԥарақәа аҵара дырҵареи рааӡареи рус аҟны лылшамҭақәа рзы
«Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Смыр Наҭела Иван-иԥҳа,
Гагратәи абжьаратә школ №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы.