Ахада амедицинатә усзуҩцәа "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара ранашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит амедицинатә усзуҩцәа "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара ранашьаразы.
Коронавирусттә ҿкычымазара Ковид-19 алаҵәара иаҿагыланы ақәҧараҟны рылшамҭақәа рзы, иҳараку рыпрофессионализм азы " Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара ранашьоуп:
Арҷелиа Анжела Алеқсеи-иҧҳа
Белиаева Алла Иван-иҧҳа
Бжинава Давид Онери-иҧа
Гәлиа Хьерсина Хьерсон-иҧҳа
Каҷараа Ирма Михаил-иҧҳа
Лакоба Сариа Даур-иҧҳа
Ҭарба Викториа Борис-иҧҳа
Хәарцкиа Иана Анатоли-иҧҳа