Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусура алзыршо ҳәынҭқарратә усбарҭоуп.
Ахада Иусбарҭа ахықәкы хадақәа иреиуоуп:
- аҳәынҭқарра ахада изиннаӡақәа рымҩаҧгара алыршара;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымреи, ашәарҭадареи, адгьылҵакыратә акреи ралыршара иазку ауснагӡатәқәа рзы ажәалагалақәа разырхиара;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыла реиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара иҭара;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа рҳәаақәҵараҿы ацхыраара иҭара;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоу акадрқәа рызҵаара аганахьала ацхыраа иҭара;
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанқәеи рыла идҵоу азиннаӡақәа рынагӡараҿы ацхыраара иҭара;