21.09.2015
Рауль Ҳаџьымба визит кьаҿла Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика - Аланиа даҭааит
Аҧсны Ахада ивизит аан диҧылеит Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика - Аланиа Ахада Тамерлан Агузаров .
20.09.2015
Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Республика аҧҵара 25-шықәсахыҵра иазкыз арратә парад аҟны дыҟан.
Аныҳәатә парад аҟны иҟан Тамерлан Агузаров хадара ззиуаз Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика – Аланиа, Алеқсандр Захарченкои Игор Плотницкии хадара ззыруаз Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рыҟнытә аделегациақәа, иара убас Урыстәыла иеиуеиҧшым арегионқәа рыҟнытә аделегациақәа.
20.09.2015
Рауль Ҳаџьымба Аинформациатә Маҵзура “SPUTNIK Алада Уаҧстәыла” иаиҭаз аинтервиу
Рауль Ҳаџьымба игәаанагарала, Аҧсни Алада Уаҧстәылеи реимадара даҽа ҩаӡарак ашҟа ихалароуп, ареспубликақәа наҟ-ааҟ ирзеиҧшны ҵакы змоу азҵаарақәа ыҟоуп аекономикатәи агәманитартәи ҟәшақәа рыҟны.
20.09.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Алада Уаҧстәыла Ахада Леонид Тибилови реиҧылара.
Иацҵоуп Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла официалтә визитла иаҭаара.
19.09.2015
Алада Уаҧстәыла иҟоу Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭа аҭаара
Алада Уаҧстәыла Ареспублика официалтә визитла иҟазаара аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба даҭааит Алада Уаҧстәыла иҟоу Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭа.
19.09.2015
Ахада Алада Уаҧстәыла аҳҭнықалақь даҭааит
Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла аҳҭнықалақь Цхинвал ақ. днеит Алада Уаҧстәыла Ареспублика ашьақәгылара 25 шықәсахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәразы.
17.09.2015
Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ареспублика даҭаауеит
2015 шықәса цәыббра 19-20 рзы Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтә визитла Алада Уаҧстәыла Ареспублика даҭаауеит.
16.09.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аколлективи артистцәеи аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьоуп
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аколлектив аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьаразы Аусҧҟа.
15.09.2015
Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рхадацәа рыдныҳәалара
Ахада Рауль Ҳаџьымба адныҳәаларатә шәҟәқәа дәықәиҵеит Вениамин Кондратиеви Рустам Минниханови Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа Ахадацәас ралхра инамаданы.
15.09.2015
Москватәи Аҧсуа диаспора ахаҭаранкцәа иранашьоуп “Ахьӡ-Аҧша” аорден III аҩаӡара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала ҳџьынџьуаа ирырҭо ганрацәалатәи ацхыраареи, Аҧсни Урыстәылатәи Афедерациеи реимадара арҕәҕәараҟны рлагаламҭеи рзы “Ахьӡ-Аҧша” аорден III аҩаӡара ранашьоуп АУЕ “Москватәи Аҧсуа диаспора” ахаҭарнакцәа:
15.09.2015
Сергеи Бебиа Имшира идныҳәалара
Ахада Рауль Ҳаџьымба абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Сергеи Бебиа Имшира идиныҳәалеит.
14.09.2015
Дмитри Медведев имшира идныҳәалара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Имшира идиныҳәалеит.
14.09.2015
Урыстәыла Афедерациа Ахеилак аҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки Жәлар Реизареи русеицуразы Акомиссиа аилатәара аҽалархәразы иааз Афедерациа Ахеилак аилак ахантәаҩы Виктор Озеров напхгара ззиуаз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аделегациа.
13.09.2015
Тамерлан Агузаров Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика - Аланиа (Урыстәылатәи Афедерациа) Ахадас иалхра инамаданы адныҳәалара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Тамерлан Агузаров идиныҳәалеит Аҩада Уаҧстәыла Ареспублика - Аланиа (Урыстәылатәи Афедерациа) Ахадас иалхра.
09.09.2015
Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистр ААУ аколлектив ирдырра
Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аколлектив дыдирдырит ҿыц иаҭоу аминистр Леонид Ӡаҧшьба.
09.09.2015
Аҧсны АИХ рхаҭарнакцәа рзы апресс-конференциа
Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иадҳәалоу иактуалтәу азҵаарақәа ирызку аҧсуа массатә информациатә хархәагақәа рзы имҩаҧигаз апресс-конференциа.
08.09.2015
Очамчыра араион аҭаара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион даҭааит усуратә визитла.
07.09.2015
Алеко Гәарамиа ианашьоуп “Ахьӡ-Аҧша” аорден I аҩаӡара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала аҭҵаарадырраҟны жәларбжьаратәи азхаҵара зауз иналукааша илшамҭақәа рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҵараиура аҿиареи, зыквалификациа ҳараку акадрқәа разыҟаҵареи рыҟны хаҭала илшамҭа дуқәа рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аректор Алеко Алеқсеи-иҧа Гәарамиа ианашьоуп «Ахьдз-Аҧша» орден I аҩаӡара .
07.09.2015
Ахада Жәлар Реизара адепутатцәа дырҧылеит
Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәлар Реизара адепутатцәа дырҧылеит аҧхынтәи рыҧсшьарамшқәа рышьҭахь актәи амш азы.
07.09.2015
Зхы иақәиҭу ақәҧаразы ақәыҧшцәа рыбжьара Адунеи ачемпион Асланбек Гәарамиа иҧылара
Рауль Ҳаџьымба дидидикылеит зхы иақәиҭу ақәҧаразы ақәыҧшцәа рыбжьара Адунеи ачемпион Асланбек Гәарамиа. Аиҧылара иара убас иалахәын абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба, Ахада иабжьагаҩ Беслан Џьынџьал, зхы иақәиҭу ақәҧаразы азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьапуа.