13.05.2015
Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылҧаз Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны
Рауль Ҳаџьымба даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысз ахәылҧаз.
12.05.2015
Владислав Арӡынба ибаҟа аартра
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Раҧхьатәи Ахада, аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Тҟәарчал ақ. аҟны аартра иазкыз ацеремониа далахәын.
12.05.2015
Баграт Шьынқәба имшира
Иахьа иазгәарҭоит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны жәлар рпоет Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 98 шықәсаҵра.
12.05.2015
АРУТИУН ЧАКРИАН ИБИУСТ АҞНЫ АШӘҬ ШЬҬАҴАРА
,
Рауль Ҳаџьымба ашәҭқәа шьҭаиҵеит Гәмысҭа ақыҭа абжьаратәи ашкол ашҭаҿы иқәыргылоу Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибиуст аҟны.
12.05.2015
ДАҬОУП АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СТАТИСТИКА АУСБАРҬА АИҲАБЫ
Иахьа Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп Гогиаҧҳа Кама Алеқсеи-иҧҳа.
10.05.2015
Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ЖӘРАР аҿы
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа ЖӘРАР (апавилион “Аҧсны”) аҟны 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәын.
09.05.2015
Аиааира Ду 70 шықәсахыҵра ахьӡала аконцерт
Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахадеи атәымҳәынҭқаррақәа рхадацәеи дрыцны дыҟан «Аиааира Дуӡӡа амҩала» аконцерт аҟны. Уи мҩаҧысит Ашҭа ҟаҧшь аҿы, иагьхнаркәшеит 1941–1945 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира аиубилеи иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа
09.05.2015
Урыстәыла Ахада ихьӡала аныҳәа иадҳәаланы имҩаҧгаз адкылара
09.05.2015
Рауль Ҳаџьымба дрылахәуп Аиааира Ду 70 шықәсахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿы Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп.
08.05.2015
Аџьынџьтәылатә eибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи Аҧсны жәлари Аиааира Амш рыдныҳәалара
07.05.2015
Иаҵаҩуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра -техникатә, акультуратә усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум
Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра - економикатәи, аҭҵаарадырра – техникатәи, акультуратәи усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум анапаҵаҩра ацеремониа
07.05.2015
Удмуртиа Аиҳабыра алахәылаҩцәеи Аҳәынҭсовет адепутатцәеи рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аделегациа Ижевск ақ. аҿы Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыра алахәылаҩцәеи Аҳәынҭқарратә Совет адепутатцәеи ирҧылеит.
Аиҧылара далахәын Удмуртиа Ахада Алеқсандр Соловиов.
07.05.2015
Рауль Ҳаџьымбеи Алеқсандр Соловиови реиҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Удмуртиатәи Ареспублика Ахада Алеқсандр Соловиови еиҧылеит.
06.05.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аделегациа Ижевск ақ. аҿы инеит
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аделегациа Ижевск ақ. аҿы (Удмуртиатәи Ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациа) инеит.
05.05.2015
АУСҦҞА
Аҧсны аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа рзы
04.05.2015
Адгәыр Ҳаразиа Аҟәа ақалақь аусбарҭа ахадас даҭоуп
Ахада инапы аҵаиҩит “Аҟәа ақалақь аусбарҭа ахада изы” Аусҧҟа.
04.05.2015
Удмуртиатәи Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа аусуратә визитла
Лаҵарамза 6-7 ҳазҭ. аш. имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Удмуртиатәи Ареспублика ашҟа (Российская Федерация) иусуратә визит.
Аҟәа, 10.00
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара.
Ахада Аиҳабыра алахәылаҩцәа ирылеиҳәеит «Аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәразы» Аусҧҟа апроект азырхиара атәы.
03.05.2015
Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ иҧылара
Аҟәа, 13.00
Рауль Ҳаџьымба Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава дидидкылеит.
Ари аиҧылара далахәын иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.
03.05.2015
Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ иҧылара
Аҟәа, 13.00
Рауль Ҳаџьымба Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава дидидкылеит.
Ари аиҧылара далахәын иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.