Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ажәабжь ҿыцқәа

Автотранспорттә наплакқәа рхаҭарнакцәа рҧылара 29.07.2015
Автотранспорттә наплакқәа рхаҭарнакцәа рҧылара
Рауль Ҳаџьымба Аенергетикеи авторанспорти рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусуразы агәынамӡара змоу араионтә автотранспорттә наплакқәа рхаҭаранакцәа, амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа дырҧылеит.

Аҧсны Ахада Хьыбла Гьерзмавеи Алеқсандр Сладковскии дырҧылеит 29.07.2015
Аҧсны Ахада Хьыбла Гьерзмавеи Алеқсандр Сладковскии дырҧылеит

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар рартист, Урыстәыла Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмавеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр Асахьаркыратә напхгаҩы, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алеқсандр Сладковскии иҧшәмаҧҳәыси дырҧылеит.

Аминистрцәа Реилазаара инарҭбаау аилатәара 29.07.2015
Аминистрцәа Реилазаара инарҭбаау аилатәара

Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра ззиуаз Аҧсны асоциалтә-економикатәи аполитикатәи ҿиара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара инарҭбаау аилатәара.

Ареспублика Ҭаҭарсҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа   аусуратә визитә аихшьала иазку ААТР аинтервиу   27.07.2015
Ареспублика Ҭаҭарсҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа аусуратә визитә аихшьала иазку ААТР аинтервиу
Ареспублика Ҭаҭарсҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа аусуратә визитә ахыркәшара ашьҭахь Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Имҩаҧысит Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩи амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны аилацәажәара 26.07.2015
Имҩаҧысит Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩи амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны аилацәажәара

Ахада Рауль Ҳаџьымба Ареспублика Ҭаҭарсҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) иусуратә визитә хыркәшаны дшыхынҳәыз еиҧш, имҩаҧигеит изаамҭанытәым аилацәажәара Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылбеи амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.

Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспубликаҟны ивизит иацҵаны даҭааит аекономикатә  ҭыҧ ҷыда «Алабуга» 25.07.2015
Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспубликаҟны ивизит иацҵаны даҭааит аекономикатә ҭыҧ ҷыда «Алабуга»

Иахьа Рауль Ҳаџьымба даҭааит аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа радҧхьаларала зымҽхак ҭбаау апроектқәа рынагӡара ахьымҩаҧысуа аекономикатә ҭыҧ ҷыда «Алабуга».

Аҧсны Ахада Казан имҩаҧысуа аӡы спорт хкы азы Адунеи XVI ачемпионат аартра ацеремониа далахәуп 24.07.2015
Аҧсны Ахада Казан имҩаҧысуа аӡы спорт хкы азы Адунеи XVI ачемпионат аартра ацеремониа далахәуп

Абри аамҭазы Ахада Рауль Ҳаџьымба аамҭала Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рустам Минниханов иҟаиҵаз ааҧхьарала Казан имҩаҧысуа аӡы спорт хкы азы Адунеи XVI ачемпионат аартра ацеремониа далахәуп.

Ҭаҭарсҭан Ареспублика ақыҭанхамҩеи афатә-арыжәтәи рминстрраҟны аиҧылара 24.07.2015
Ҭаҭарсҭан Ареспублика ақыҭанхамҩеи афатә-арыжәтәи рминстрраҟны аиҧылара

Рауль Ҳаџьымба дызхагылоу Аҧсны аделегациа рыдыркылеит Ҭаҭарсҭан Ареспублика ақыҭанхамҩеи афатә-арыжәтәи рминстрраҟны.

Рауль Ҳаџьымбеи Рустам Минниханови апрессеи реиниара 23.07.2015
Рауль Ҳаџьымбеи Рустам Минниханови апрессеи реиниара

“Хазы” аиҿцәажәара аформат анаҩс Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҭаҭарсҭан Ареспбулика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рустам Минниханови апрессеи реиқәшәара мҩаҧысит.

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә Абжьагаҩ иҧылара 23.07.2015
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә Абжьагаҩ иҧылара

Рауль Ҳаџьымба дызхагылоу Аҧснытәи аделегациа Ҭаҭарсҭан Аеспублика анапхгара ирҧылеит. Казантәи Кремль Ахаҭарнакратә хыбраҟны Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә Абжьагаҩ Минтимер Шаимиев диҧылеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ Амш азы адныҳәалара 23.07.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ Амш азы адныҳәалара

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ Амш.

Ҭаҭарстан Аеспублика аҳҭнықалақь Казан  анеира 23.07.2015
Ҭаҭарстан Аеспублика аҳҭнықалақь Казан анеира

Ихацыркуп Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Аеспубликаҟны (Урыстәылатәи Афедерациа) визитла ҳасабла ицара.

22.07.2015
АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АХҴАРАЗЫ АУСҦҞАҚӘА ИРЫҴАҨУП

Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит

Аҧсуа милаҭтә ҟазара аларҵәареи арҿиареи рзы Аџьынџьал Б.М. ианашьазааит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

Ахада Ҭаҭарсҭан Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа усуратә визитла ицара 22.07.2015
Ахада Ҭаҭарсҭан Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа усуратә визитла ицара

2015 шықәса ҧхынгәы 23-25 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Ахада Ҭаҭарсҭан Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа усуратә визитла ицара.

Ахада Хьрыҧс Џопуа Очамчыра араион актив дыдирдырит 22.07.2015
Ахада Хьрыҧс Џопуа Очамчыра араион актив дыдирдырит

Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион актив дыдирдырит ҳазҭоу ашықәс ҧхынгәы 21 рзы Очамчыра араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы иҟаҵоу Хьрыҧс Џьопуа.

Хьрыҧс Џьопуа Очамчыра араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы даҭоуп 21.07.2015
Хьрыҧс Џьопуа Очамчыра араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы даҭоуп

Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Очамчыра араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы Хьрыҧс Радион-иҧа Џьопуа иаҭаразы Аусҧҟа.

Иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә Еибашьра аинвалидцәа рызҵаарақәа рзы 20.07.2015
Иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә Еибашьра аинвалидцәа рызҵаарақәа рзы
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит  1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы Адҵа.

Аконституциатә реформазы Акомиссиа аилатәара 17.07.2015
Аконституциатә реформазы Акомиссиа аилатәара
Имҩаҧысит Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аконституциатә реформазы Акомиссиа изаамҭанытәу аилатәара. Аконституциазы Акомиссиа аҧҵан ажьырныҳәамза 22, 2015 ш. Ахада Иусҧҟала.

16.07.2015
АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АХҴАРАЗЫ АУСҦҞАҚӘА ИРЫҴАҨУП

Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит. ,p>Аҧсуа милаҭтә ҟазара арҿиараҟны илшамҭа дуқәа рзы За большие заслуги в развитии абхазского национального искусства почётное звание «Аҧсны жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп:

16.07.2015
Владимир Путин Урыстәыла Амш идныҳәалара

Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла Амш.

Адныҳәалартә цҳамҭаҟны, лымкаала, иҳәоуп:


Новости 2721 - 2740 из 2913
Начало | Пред. | 135 136 137 138 139 | След. | Конец Все
 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org