29.07.2015
Автотранспорттә наплакқәа рхаҭарнакцәа рҧылара
Рауль Ҳаџьымба Аенергетикеи авторанспорти рзы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аусуразы агәынамӡара змоу араионтә автотранспорттә наплакқәа рхаҭаранакцәа, амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа дырҧылеит.
29.07.2015
Аҧсны Ахада Хьыбла Гьерзмавеи Алеқсандр Сладковскии дырҧылеит
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар рартист, Урыстәыла Жәлар рартист Хьыбла Гьерзмавеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр Асахьаркыратә напхгаҩы, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алеқсандр Сладковскии иҧшәмаҧҳәыси дырҧылеит.
29.07.2015
Аминистрцәа Реилазаара инарҭбаау аилатәара
Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра ззиуаз Аҧсны асоциалтә-економикатәи аполитикатәи ҿиара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара инарҭбаау аилатәара.
27.07.2015
Ареспублика Ҭаҭарсҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа аусуратә визитә аихшьала иазку ААТР аинтервиу
Ареспублика Ҭаҭарсҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа аусуратә визитә ахыркәшара ашьҭахь Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
26.07.2015
Имҩаҧысит Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩи амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны аилацәажәара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Ареспублика Ҭаҭарсҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) иусуратә визитә хыркәшаны дшыхынҳәыз еиҧш, имҩаҧигеит изаамҭанытәым аилацәажәара Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылбеи амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи алархәны.
25.07.2015
Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспубликаҟны ивизит иацҵаны даҭааит аекономикатә ҭыҧ ҷыда «Алабуга»
Иахьа Рауль Ҳаџьымба даҭааит аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа радҧхьаларала зымҽхак ҭбаау апроектқәа рынагӡара ахьымҩаҧысуа аекономикатә ҭыҧ ҷыда «Алабуга».
24.07.2015
Аҧсны Ахада Казан имҩаҧысуа аӡы спорт хкы азы Адунеи XVI ачемпионат аартра ацеремониа далахәуп
Абри аамҭазы Ахада Рауль Ҳаџьымба аамҭала Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рустам Минниханов иҟаиҵаз ааҧхьарала Казан имҩаҧысуа аӡы спорт хкы азы Адунеи XVI ачемпионат аартра ацеремониа далахәуп.
24.07.2015
Ҭаҭарсҭан Ареспублика ақыҭанхамҩеи афатә-арыжәтәи рминстрраҟны аиҧылара
Рауль Ҳаџьымба дызхагылоу Аҧсны аделегациа рыдыркылеит Ҭаҭарсҭан Ареспублика ақыҭанхамҩеи афатә-арыжәтәи рминстрраҟны.
23.07.2015
Рауль Ҳаџьымбеи Рустам Минниханови апрессеи реиниара
“Хазы” аиҿцәажәара аформат анаҩс Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҭаҭарсҭан Ареспбулика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Рустам Минниханови апрессеи реиқәшәара мҩаҧысит.
23.07.2015
Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә Абжьагаҩ иҧылара
Рауль Ҳаџьымба дызхагылоу Аҧснытәи аделегациа Ҭаҭарсҭан Аеспублика анапхгара ирҧылеит. Казантәи Кремль Ахаҭарнакратә хыбраҟны Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә Абжьагаҩ Минтимер Шаимиев диҧылеит.
23.07.2015
Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ Амш азы адныҳәалара
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Абираҟ Амш.
23.07.2015
Ҭаҭарстан Аеспублика аҳҭнықалақь Казан анеира
Ихацыркуп Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Аеспубликаҟны (Урыстәылатәи Афедерациа) визитла ҳасабла ицара.
22.07.2015
АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АХҴАРАЗЫ АУСҦҞАҚӘА ИРЫҴАҨУП
Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит
Аҧсуа милаҭтә ҟазара аларҵәареи арҿиареи рзы Аџьынџьал Б.М. ианашьазааит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
22.07.2015
Ахада Ҭаҭарсҭан Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа усуратә визитла ицара
2015 шықәса ҧхынгәы 23-25 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Ахада Ҭаҭарсҭан Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа усуратә визитла ицара.
22.07.2015
Ахада Хьрыҧс Џопуа Очамчыра араион актив дыдирдырит
Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион актив дыдирдырит ҳазҭоу ашықәс ҧхынгәы 21 рзы Очамчыра араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы иҟаҵоу Хьрыҧс Џьопуа.
21.07.2015
Хьрыҧс Џьопуа Очамчыра араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы даҭоуп
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Очамчыра араион аусбарҭа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы Хьрыҧс Радион-иҧа Џьопуа иаҭаразы Аусҧҟа.
20.07.2015
Иаҧҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә Еибашьра аинвалидцәа рызҵаарақәа рзы
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы Адҵа.
17.07.2015
Аконституциатә реформазы Акомиссиа аилатәара
Имҩаҧысит Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аконституциатә реформазы Акомиссиа изаамҭанытәу аилатәара. Аконституциазы Акомиссиа аҧҵан ажьырныҳәамза 22, 2015 ш. Ахада Иусҧҟала.
16.07.2015
АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АХҴАРАЗЫ АУСҦҞАҚӘА ИРЫҴАҨУП
Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит. ,p>Аҧсуа милаҭтә ҟазара арҿиараҟны илшамҭа дуқәа рзы За большие заслуги в развитии абхазского национального искусства почётное звание «Аҧсны жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп:
16.07.2015
Владимир Путин Урыстәыла Амш идныҳәалара
Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла Амш.
Адныҳәалартә цҳамҭаҟны, лымкаала, иҳәоуп: