21.03.2015
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит.
Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны.
* * *
Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа,
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.
Иазгәасҭар сҭахын Шәара аиҩызареи, агәылеимабзиареи, аусеицуреи шьаҭас измоу урыстәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны шәлагаламҭа. Сгәы иаанагоит ахәаахәҭра-економикатә, аҵарадырра- техникатәи агәуманитартәи усеицура аҧхьаҟа рырҕәҕәара, иеиуеиҧшым аҟәшақәа рыҟны азеиҧш проектқәа рынагӡара ҳтәылақәа ринтересқәа рыхьчара иазкуп ҳәа.
Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аҭакҧхықәура ду зцу шәусураҟны аихьӡара ҿыцқәа.
Дмитри Медведев