02.10.2015
Астратегиа азырхианы ицәырыргеит Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр Аиҳабы Олег Дамениеи АҬР иналукааша аспециалистцәеи.
Рауль Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит ицәыргоу астратегиа аҭҵаарадырра-аналитикатә ҟазшьа шамоу, убри аҟнытә ҳҳәынҭқарра ааигәатәи жәашықәса рыҩныҵҟала аҿиара хырхарҭас иаиууаазы адыррақәа шунаҭо.
Аҳәынҭқарра Ахада аиҧылара иалахәыз ҷыдала иалкааны рхы азишьҭит аекономика ашәшьыра аҵхра, насгьы Астратегиаҟны иарбоу аконцепциақәеи апрограммақәеи рынагӡара хымҧада иаҭахны ишыҟоу – убрахь иналаҵаны, адемографиатә ҿиара, агроааглыхратә комплекс, ареспублика араионқәеи Аҟәа ақалақьи рыҿиара апрограммақәа.
«Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы тәым ҧарала анхара ҳашьцылеит. Ари ибзиоу акгьы алҵӡом. Ҳара ҳхатә џьабаала анхашьа ҳҵароуп, абас алоуп ҳара ҳекономика ашьапы ақәыргылара шҳалшо», - иҳәеит Ахада.
Абри аганахьала Ахада далацәажәеит ҳхатәы лшарақәа рыла абиуџьет ахарҭәаара аҵакы ду азгәаҭаны, ашәахтә закәанҧҵара аиҕьтәразы ззырхиара иаҿу азакәанапроектқәа ртәы.