01.10.2015
Аиҿцәажәара ашьҭахь Рауль Ҳаџьымбеи Русҭам Минниханови Ҭаҭарсҭан Ареспублика аделегациа злахәыз инарҭбааны аиҧылара иалахәын. Ара иалацәажәеит Аҧсни Ҭаҭарсҭани еиҳа хра злоу аҧхьаҟатәи русеицура.
Аиҧылара иалахәын иара убас Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Аҧыза-министр Артур Амқәаб, Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩы Асҭамыр Аппба, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩы Дмитри Сериков, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ақыҭанхамҩа аминистр Ҭемыр Ешба, Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа, Ахада Иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа, Очамчыра араион ахада Хьрыҧс Џьопуа.
Аҧсныҟа иааз Ҭаҭарсҭан аделегациа аилазаараҟны иҟоуп УА Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Фатих Сибагатуллин, Ҭаҭарсҭан Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩы – ақыҭанхамҩеи афатәи арыжәтәи рминистр Мараҭ Ахметов, Ҭаҭарсҭан Ахада Ицхырааҩ Леила Фазлеева, Ҭаҭарсҭан аекономика аминистр Артиом Здунов, ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр ихаҭыҧуаҩы Руслан Кабиров, аинвестициатә ҿиара анапхгаҩы Аусбарҭа Ҭалиа Минуллина, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, анаплакқәа рнапхгаҩцәа.
Аиҧылара аартуа, Рауль Ҳаџьымба агәра ганы иҳәеит, Аҧсни Ҭаҭарсҭани русеицура иҿыцу, иахьатәи аамҭа иақәшәо, аҩ-ганк ирзыфеидоу аҩаӡарахь ашьҭыхра шрылшо. «Ҳара ҳганахьала ари апроцесс ганрацәала ацхыраара аҭара ҳазхиоуп», - иҳәеит Ахада.
Уи дазааҭгыланы иҳәеит, аҳәынҭқарра ахатәреи аинвестициақәеи рзы игәрагоу ахәдықәҵара ишадгыло атәы. «Арҭ азҵаарақәа аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы ҟалашьа амаӡам иагьыҟалаӡом. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳпартниорцәеи ҳареи ҳабжьара иҭышәынтәалоу, аҿҳәара ду змоу аусеицура ашьақәыргылара », - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Рауль Ҳаџьымба ҿыцу хырхарҭа хадақәаны иазгәеиҭеит атуристтә ҟәша, ақыҭанхамҩа, атранспорт-логистикатә инфраструктура, амшынтә баҕәазақәа, аҳаиртә баҕәаза, аихамҩа налаҵаны.
«Ҳәарада, ихадароу ак ақәны ҳахәаҧшуеит Аҧсны мрагыларатәи арегионқәеа рыҟны аинвестициақәа радҧхьалареи, аустә гәацҧыҳәара ашьҭыхреи. Арҭ араионқәа хархәара змам алшара дуқәа рымоуп», - иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.
Ҭаҭарсҭан Ахада ахә ҳаракны ишьеит аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны ареспубликақәа русеицура арҿиаразы иҟоу аҭагылазаашьа.
Русҭам Минниханов иазгәеиҭеит, Аҧсны иаара хықәкы хаданы ишамоу ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатәи, акультуратә усеицура. «Ҳреспублика аделегациа аилазаараҟны иҟоуп ҳминистррақәеи ҳусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, иналукааша Ҭаҭарсҭан аилахәырақәа рхаҭарнакцәа. Сгәы иаанагоит, авизит иҭагӡаны ҭаҭарсҭантәии аҧснытәи абизнесуаа русеицуразы ахырхарҭа ҿыцқәа раартра рылшап ҳәа, апроект ҿыцқәа рымҩаҧгара иалацәажәап ҳәа», - иҳәеит иара.
Русҭам Минниханов иҳәеит ареспубликақәа рыбжьара атауареикәшара азеиҧш мҽхакы азырҳаразы алшара шыҟоу атәы. «Рыцҳарас иҟалаз, ҳара макьана иҟоу алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәаӡом. Аекономика аҟәшаҟны ҳусеицура мҽхакы ҭбаала ихацырктәуп», - иазгәеиҭеит ареспублика ахада. Минниханов Аҧсны Ахада диқәшаҳаҭхеит аусеицуразы агро-ааглыхратә комплекс, атуризм, IT- атехнологиақәа, агәабзиарахьчара, атранспорт, аҵараиура, аҭҵаарадырра хырхарҭа хадақәаны иҟоуп ҳәа ахьазгәеиҭаз.
Ҭаҭарсҭан Ахада иазгәеиҭеит ас еиҧш авизитқәа асистематә ҟазшьа шрымазар акәу. «Ҳара арҿиара ҳаҿуп жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәии еимадарақәа, иаҳҭахуп аҧсуа бизнесгьы аусацура арҭбаара. Ҳара иазҧхьагәаҳҭахьоу рацәоуп, урҭ шәара шәыцеҩшара ҳазхиоуп. Ҭаҭарсҭан шәара шәзы иаартуп, ахырхарҭақәа зегьы рыла аусура иазхиоуп», - иҳәеит иара.
Инарҭбааны имҩаҧысыз аиҧылараҟны имҩаҧган Аҧсни Ҭаҭарсҭани рекономикатә лшарақәа рцәыргақәҵара.
Аусуратә визит аҳәаа иҭагӡаны аделегациа иара убас анаплакқәа жәпакы ирҭаараны иҟоуп – Аҟәа ақ. аҟны ахш зауад, Очамчыра араион аҟны арҧхгатаә комплекс, авертолиот ала Очамчыра амшын баҕәаза, ақыҭанхамҩа дгьылқәа, Тҟәарчал ақалақь аҟны азауадқәа "Заря", "Аргонавт" аҭыҧқәа ирыхәаҧшуеит.