Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспублика аделегациа злахәу инарҭбааны аиҧылараҟны иқәгылара

01.10.2015

Ҳаҭыр зқәу Русҭам Нургали-иҧа!

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Гәык-ҧсыкала сеигәырҕьоит Аҧсны шәбара. Арҭ аимадарақәа зны Владислав Григори-иҧа Арӡынбеи Минтимер Шарипов-иҧа Шаимиеви ихацдыркыз атрадициақәа ирыцҵаны рынагӡара имҩаҧысуеит. Ҳтәылазы иуадаҩыз аамҭақәа раан Ҭаҭарсҭан Аҧсны ҩызара азнауан, ари ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит.

Агәра ганы сыҟоуп Аҧсни Ҭаҭарсҭани рыбжьара иҟоу аусеицура хаҭабзиарала иҿыцу, иахьатәи аамҭа иақәшәо, наҟ-ааҟ иаҳзыфеидоу аҩаӡарахь ашьҭыхра шҳалшо. Ҳара ҳганахьала, ари апроцесс ацхрааразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит.

Шәара иҟашәҵаз асасдкылара иабзоураны имаҷӡам Ҭаҭарсҭан Ареспубликаҟны иҟоу аихьӡарақәа рахьтә иаҳбаз, гәахәара ҳазҭаз. Ари аҧышәа ҳара ҳзы акраҵанакуеит, уи ҳхы иаҳархәаргьы ҳҭахуп.

Ҳара Ҭаҭарсҭанынтәи ҳтәыла ашҟа аинвестициақәа раара ҳазыразуп. Сгәы иаанагоит, шәара арҭ алшарақәа ҭышәҵаап ҳәа. Ҳара ҳашҟа абас еиҧш аофициалтә делегациа аара иҟоу алшарақәа зегьы рыҭҵаареи рхархәареи рзы акрызҵазкуа шьаҿаны ҳахәаҧшуеит.

Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, ахатәреи аинвестициақәеи рзы игәрагоу ахәдықәҵара аҧҵара азҵаара аӡбара аҳәынҭқарра ахы ишаднаҵо атәы. Арҭ азҵаарақәа аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы ҟалашьа амаӡам иагьыҟалаӡом. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳпартниорцәеи ҳареи иҭышәынтәалоу, аҿҳәара ду змоу аусеицура ашьақәыргылара.

Хырхарҭа хадақәаны иҳаҧхьаӡоит атуристтә ҟәша, ақыҭанхамҩа, атранспорт-логистикатә инфраструктура, амшынтә баҕәазақәа, аҳаиртә баҕәаза, аихамҩа налаҵаны.

Ҳәарада, ихадароу ак ақәны ҳахәаҧшуеит Аҧсны мрагыларатәи арегионқәеа рыҟны аинвестициақәа радҧхьалареи, аустә гәацҧыҳәара ашьҭыхреи. Арҭ араионқәа хархәара змам алшара дуқәа рымоуп.

Мрагыларатәи Аҧсны азы хымҧада иаҭахны иҟоуп зықьҩыла аҧсшьаҩцәа рыдкылареи рымаҵуреи зылшо атуристтә ҟәша аҧҵара.

Убри адагьы, абарҭ араионқәа рыҟны иҟоу адгьыл чашәрақәа ақыҭанхамҩа арҿиаразы ҭагылазаашьа бзианы иҟоуп.

Зҿлымҳара ду аҳҭоит Ҭаҭарсҭан хархәара змоу иҿыцу атехнологиақәа, акультуреи аинформациатәи еимдара, аҵараиура, амедицина аҟәшаҟны аусеицура.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа, даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәахьаҳҭааз азы, исҭахуп шәаргьы ҳаргьы еихьӡарала аусеицура ҳзеиҕьасшьарцгьы.

Рауль Хаџьымбеи Русҭам Минниханови реиҧылара алагамҭа

Абарҭ аминуҭқәа рзы имҩаҧысуеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи мышктәи авизит ала Аҟәа иаҭааз Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханови реиҧылара

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада дызхагылоу аделегациа Аҧсны аҟзаара иалагӡаны ирҭаараны иҟоуп Аҟәеи Очамчыра араиони аобиектқәа жәпакы.

Аҧсны Ахада Рауль Хаџьымбеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханови реиҧылара алагамҭа:

Рауль Ҳаџьымба: Ҭаҭарсҭани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, раҧхьа инаргыланы, ҳара ҳзы акыр рыҵаркуеит. Ҳаизыҟазаашьақәа еизааигәаӡаны ишьақәгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ихаан инаркны. Ҭаҭарсҭани ҳареи ҳабжьароуп аусеицуразы актәи аиқәшаҳаҭра ахьҳабжьаҵазгьы, абарҭ ашықәсқәа зегьы Ҭаҭарсҭан ҩызара ҳазнауан.

Иҭабуп ҳәа шәаҳхәоит аамҭа ҧшааны шәахьаҳҭааз. Ҭагалан мшуп, ақәагьы леиуеит , аха ҳагәқәа аартуп Шәара шәзы, шәбарагьы ҳаигәырҕьоит!

Русҭам Минниханов: Ҳаҭыр зқәу Ахада, иҭабуп идуӡӡаны иҳашәҭаз ааҧхьаразы. Иара убас иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳреспублика шәахьаҭазгьы, ҳәарада, Ҭаҭарсҭан иамоу алшара ҳасаб азуны, аусеицура ҳазыҧшуп, наҟ-ааҟ иеимаҳдаша даара ирацәоуп.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org