Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Ахьыҧшымра Амш рыдиныҳәалеит

30.09.2015

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Ахьыҧшымра Амш рыдиныҳәалеит.


****

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Иахьа иазгәаҳҭо  Ҳаҧсадгьыл Аҧсны Ахьыҧшымреи Аиааиреи рымш  аҭыҧ ҷыда ааннакылоит абиҧарақәа ршьала иҩу  ҳҭоурых аҿы. Ари ахақәиҭра алыршахеит ақырҭуа агрессиа аҿаҧхьа зшьамхы азмырсыз  Аҧсны аҵеицәа нагақәа  рымчала.  

Ҳажәлар раҧхьагылаҩ ду, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы  Владислав Арӡынба инапхгарала зықьҩыла Аҧсны ахьчаҩцәа гәымшәақәа иаадырҧшыз афырхаҵара иабзоураны, иахьа ҳтәыла аизҳа-зыҕьара амҩа иануп. Адунеи аҿы  лабҿаба ирбартә иҟалеит  шәышықәсала еиқәырханы иааргоз ахьыҧшымра ахьчара аус аҿы ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари хьаҵра шрықәым.

Ирызҳауеит, еиҵагылоит Аҧсны Абираҟ иҵегь иҳаразкша, аҧсуа еибашьцәа рытрадициақәа змырӡша, аҟыбаҩ бзиа змоу  аҿар! Ҳаҧсадгьыл алахьынҵа ашәарҭа бааҧс ианҭагылаз амшқәа раан  Ашьхарыуаа Рконфедерациа иҟанаҵаз ааҧхьарала  ҳара иҳадгыланы иеибашьуан шәҩыла Нхыҵ - Кавказтәи ҳашьцәа, аҳәаанырцәынтәи арахь иааз ҳџьынџьуаа, Урыстәыла иахаҭарнаку аибашьцәа жәпаҩыла.

Гәык-ҧсыкала срыдныҳәаларц сҭахуп Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа ранацәа рабацәа, иахьа Аҧсны арратә мчхара зырҕәҕәо ҳаибашьцәа! Шәышықәсала Аҧсны иахашәыршәырлааит иҧшьоу Аиааира Абираҟ!

Ишәзеиҕьасшьоит агәамч, анасыҧ, аманшәалара, аныҳәатә гәалаҟара бзиа!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org