Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит

29.09.2015

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ахьыҧшымра Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны ҷыдала иҳәан:

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыла Аҧсны аихьӡара дуқәа алнаршеит идемократиатәу аҳәынҭқарра аусбарҭақәа реиҿкаара аус аҟны, иактуалтәу асоциалтә-економикатә проблемақәа рыӡбареи жәларбжьаратәи аимадарақәа рышьақәыргылареи рыҟны.

Гәахәарыла иазгәасҭоит аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара ишаҿу аиҩызареи агәылаеимабзиареи рымҩала. Сгәы иаанагоит, аҧхьаҟатәи аидгылареи астратегиатә усеицуреи рышьақәырҕәҕәара ҳҳәынҭқаррақәа ртәылауаа ринтерсқәа ирызкуп ҳәа, аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи хырхарҭас ирымоуп ҳәа ".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org