23.09.2015
Аҟәа, 12.00
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит араса аекспорттә ҳазалхра напхгараҭара иазкыз аусуратә еилацәажәара.
Аилацәажәара иалахәын аҧыза-министр Артур Амқәаб, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩы Дмитри Сериков, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Беслан Ҳагба, Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр Рауф Цымцба, Ақыҭанхамҩа аминистр Ҭемыр Ешба, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Даур Кобахиа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Зураб Маан, Ахада иабжьагаҩы Амиран Лагәлаа.
Ахада иазгәеиҭеит, араса аазрыхуа анхаҩы шиакәу, уи аус адиулаӡом, адәныҟатәи аџьырмыкьахь иалызгогьы иара шиакәым. Алгараан аҳазатә баџь ашьҭыхра анхаҩы дамыргәамҵуазароуп, избанзар адәныҟатәи аџьырмыкьахь араса алызго абжьахәаахәҭҩцәа шракәу, уи аазрыхыз дара шракәым.
«Араса ашықәс зегьы зыҭира алшо тауаруп, уи ахәҧсагьы аџьырмыкьаҟны ишьақәгыло аҭагылазаашьа иахьыҧшуп. Ахәқәа аҳәынҭқарра ишьақәнаргылаӡом», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Ахада иазгәеиҭеит, иҳаҩсыз ашықәсқәа раан аекспорттә ҳаза шылрымхуазгьы, уи араса аарыхра акала ишанымҧшы, аҳәынҭқарратә биуџьет ари аалыҵ аекспорт аҟнытә мааҭкгьы шаламлаз .
Ҵыҧхтәи ашықәс зегьы азы 200 тонн араса алыргазар, сынтәатәи ашықәса цәыббра 1 азы ари ҵыҧхтәи арбага ишахысхьоу.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Даур Кобахиа дазааҭгыланы иҳәеит, сынтәатәи ашықәс аҩныҵҟа жәы-мзы рыла аекспорттә ҳаза ашәараҟнытә абиуџьет иалало амҽхак есааира ишазҳауа. Даур Кобахиа иазгәеиҭеит, Егры аӡиас иахыганы иргоз араса иҳаҩсыз ашықәсқәа раан ишазгәаҭамыз.
Аилацәажәара хыркәшо, Ахада дазааҭгылеит, араса алгара иадҳәалоу аҭагылазаашьа даара зҿлымҳара шаҭаху, лымкаала, абжьаҟазацәа рхымҩаҧгашьа, убри инақәыршәаны амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа ирыдиҵеит ари азҵаара дара ҷыдала хылаҧшра арҭарц.