17.06.2015
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаарақәа ирызку аилацәажәара
Аҟәа, 10.30
Алада иануп аилацәажәаразы астенограмма хаҭәааны
* * *
Ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаарақәа ирызку аилацәажәаразы астенографиатә ҳасабырба <
Рауль Ҳаџьымба: Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа! Иахьа ҳзеизаз аграртә ҟәша аҿиаразы имҩаҧаҳгаз аусура ҳалацәажәарц азоуп. Аҿиара амҩақәа еиеиуеиҧшымзаргьы ҟалоит.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳәынҭқарра-хатәы усеицуразы, уи шымҩаҧысша, хырхарҭас иаиушас азы ирацәаны ҳалацәажәон. Убарҭ ахырхарҭақәа иреиуоуп урыстәылатәи Аинвестициатә гәыҧқәа рганахьала иҟоу алшарақәа, ахархәагақәа, урҭ, ишысҳәахьоу еиҧш, иреалтәу аекономика аҟәша финансла аицеиқәыршәаразы Аинвестпрограммаҟны иарбоу ( 400 млн мааҭ инарзын.) ахархәароуп. Ҳара ҳазхәыцроуп ақыҭауаа абарҭ алшарақәа шраҳҭаша.
Кредит ҳасабла илаҟәу апроцент зыҧҵәала иауҳажьуа анаҩс, ҳазхәыцроуп аҳәынҭқарра ацырхырааны, иалархәны аусура аиҿкаара шымҩаҧгатәу. Аҳәынҭқарра финансла аицеиқәыршәареи асубсидиаҭареи рылеи (400 млн мааҭ.) мамзаргьы аинвестгәыҧқәа рылеи иааиуа афинанстә хархәагақәа ахархәара рнаҭоит ахатәы сектор арҿиаразы. Иаҧҵатәуп алшарақәа арҧхарҭатә нхамҩақәа рыргыларазы абри апроект зҽалазырхәырц зҭаху рзы.
Иҟалоит агәыҧ аҧҵазар, иаҳҳәап ақыҭанхамҩа аминистрраҟны мамзаргьы Аекономика аминистрраҟны, ари азҵаара иазхәыцтәуп. Анаҩстәи аусура – ауҭраҭых ааӡара аиҿкаара. Уи ақыҭауаа ирааӡалоит, анаҩс ахәаахәҭра-аахәаратә шьақәгыларақәа рышҟа ацәырҵра, ҳтауар Аҧсны анҭыҵ ишцо амҩа реиалла иаҳбарц азы.
Ашьҭахь, анхацәа алархәны аҳәынҭқарра иеиҿнакаауа аграртә ааглыхра дара анхацәа ирыҭатәхоит, урҭ рхы анҿырхлак анаҩс. Аҳәынҭқарра иаланаҵо аҧарақәа хынҳәыроуп.
Сара убас ауп ишеилыскаауа, абас еибаҳҳәахьеит. Ари ҳанхаҩцәа аекономика иреиалтәу аҟәша ашьақәгылара апроцесс ралагалара ҳалнаршоит. Ари ҳбиуџьет алшара ҿыцқәа анаҭоит. Убри аҟнытә ахада иабжьгаҩ Амиран Лагәлаа ишҟа аҳәара ҟасҵоит сара сҟынӡа инеихьоу иалкаау ажәалагалақәа ҳалаиҳәарц азы. Ақыҭанхамҩа аинистрреи, Аекономика аминистрреи, егьырҭ аилазаарақәеи ҳареи ҳаицалацәажәароуп, азеиҧш знеишьа азҳархиароуп ари аус аиҿкааразы.
Амиран Лагәлаа, Ахада Иабжьагаҩ: Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа! Ҳара аусура ду мҩаҧаҳгоит, ҳаҟан аҧышәаиуразы, иҭаҳҵааит аҳәаанырцәтәи атәылақәа – Италиа, Испаниа, зҿлымҳара ду аҳҭеит лымкаала Испаниа иҟоу аилахәыра «Меркаса». Ари брендк ала ицәырҵуа 600 нызқь. фермер еидызкыло еилахәыроуп. Абри инамаданы, аиҿырҧшрақәа рнаҩс, ҳаззааиз абри ауп: анхаҩцәа рынхамҩақәа ираҳҭо иаабац акредитқәа рыла алҵшәа дуқәа ҳаураны ҳаҟаӡам, арҭ афермерцәа зегьы еидаҳамкылакәа.
Имҩаҧаҳгаз аусура иалҵшәаны иаҧҵахеит хара имгакәа ицәыраҳго апрограмма. Уи ала иаҧҵахоит раҧхьа анхамҩақәа 100 - уи ҳара ҳқыҭақәа рыҟны акәхоит, ҳанхаҩаәа рынхамҩақәа ракәхоит. Иалкааны нхамҩак аҟны апрограмма анагӡаразы иаҭахуп рацәак идуум адгьыл - 1000 ҧшьыркца метрак раҟара, иҳадыргало адгьыл заҟароу еиҧш аӡбамҭа ҳадаҳкылалоит. Ари аларҵәаразы апроект аӡыргара ҳалагароуп, анхацәа ааҧхьаны рацәажәара хацырктәуп, иаауеит аспециалистцәа, ақыҭауаа рзы атренингқәа мҩаҧгахоит. Ари апрограмма аҽалархәразы иаҭаху агәазыҳәареи аҽалархәразы аҭагылазаашьеи роуп.
Ари апрограммаҟны ихадароу – ҳара баша 1000 ҧшьыркца метра арҧхарҭақәа ахьаҧаҳҵо акәӡам, ари акомпаниа шьагәыҭс иаиууеит напхгара зуа, аҳәынҭқарратә еилахәыра, уи агрономиа анапы алакуп, ажәла, аиҭаҳатә, азнархиоит, арҵәы уҳәа убас иаҭаху зегьы.
Ари анапхгаратә еилахәыраҟны иаҧҵахоит аихшаратә центр. Урыстәылатәи аилахәырақәа ҳрацәажәахьеит, урҭ аконтрактқәа рыҵаҩра иазхиоуп.
Абасала, хара имгакәа ари апрограмма зегьы анагӡарала ҳара ҳаҩныҵҟатәи аџьырмыкьа иеиуеиҧшым ауҭраҭыхи аиаҵәареи рыла ихаҳарҭәаауеит, уи аҭахра аманы иҟаҳҵоит. Ара иҟалоит асалаҭқәа, анаша, апомидор, аиаҵәара хкы рацәала – Урыстәыла ибзианы изызҳауа, урҭ уа рҭахра ҳаракхоит.
Лассы ҳколлегацәеи ҳареи афинанстә механизмқәа зегьы аназҳархиалак, ицәыраҳгоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ара ихадараны иҟоу – ари апроект иалахәхо ҳфермерцәа ари аилахәыра дара ирхатәны иҟалоит, даҽакала иаҳҳәозар, дара аҳәынҭқарратә усбарҭак аҟны аус руа мацара акәымкәа, урҭ ари аилахәыраҟны иаҧшәымацәахоит, нас аилахәыра ахы аныҿнахлак , урҭ апаитә фонд инақәыршәаны иацҵаны ахашәалахәы роууа иалагоит.
Абас иҟоуп ари аидеиа. Ҳадымхалакәа, уи аус анадаҳулалак ашьҭахь, ахәҭақәа зегьы инарҵауланы ицәырганы ишәҳарбоит. Ари зыҧсы ҭоу проектуп, ихтуп, иара анхацыркха ашьҭахь 17 мзы рнаҩс дарбан фермерзаалак, ҳара ишаҳаҧхьаӡаз ала, иҭаацәа рзы аҧара рҳауа, иқәиргылаз амыругагьы ахә ишәартә дҟалоит, аҧхьаҟа ихазы мацара аусура далагоит. Абри ауп иааркьаҿны исҳәарц исҭахыз.
Рауль Ҳаџьымба: Ақыҭанхамҩа аминистрра, шәара ари азҵаара зегьы раасҭа иазааигәоу еилазаароуп.
Владимир Дауров, Аҧсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыҧуаҩы: Сара, аҵыхәтәантәи афраза цқьа еилыскаарц сҭахын. Анхаҩцәеи аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа шҧашьақәгылои? Иаҳҳәап, арҧхарҭа аҳәынҭқарра иҟанаҵозар, анхаҩы ауалафахәы иоулоу мамзаргьы аҽаҩра аихшара ҟало?
Амиран Лагәлаа: Мап, анхаҩы ауалафахәы иоуӡом, уи ари арҧхарҭа, анхамҩа даҧшәымахоит. Ара аҽаҩра ашықәс аҩныҵҟа 11 мзы иҟоуп, аҧарақәа рыхәҭак ари акредит ашәарахьы идәықәҵахоит, ахәҭак иара ирҳауеит, 17 мзы рышьҭахь...
Владимир Дауров: Нас аҽаҩра иҭиуама?
Амиран Лагәлаа: Анапхгаратә еилахәыра уи имнахәҳауеит иеизаку рыхә ала, анаҩс аихшаратә центр аҟны иҟоуп аӡәӡәага, арҩага, аизгара-аҭаҵара ацәаҳәа уб.егь.
Владимир Дауров: Абри зегьы иара иҟны ашьақәыргылара алшома?
Амиран Лагәлаа: Мап, ари зегьы анапхгаратә еилахәыраҟны иҟалоит.
Рауль Ҳаџьымба: Шәаргьы ҳаргьы ауҭраҭыхҵәахырҭа ҳамоуп, уи шаҟантә аӡбахә ҳҳәахьоузеи, арахь иара ҭацәуп, аус аруӡам. Абри ҳхы иаҳзархәома?
Владимир Дауров: Ҳәарада. Уи хиоуп.
Рауль Ҳаџьымба: Шәааи, уи ҳхы ишаҳархәара ҳазхәыцып. Раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵатәуп. Арҭ анаплакқәа анхаҩы иҭара атәы ҳҳәозар, ақыҭа ҳацхраароуп ҳамҳәеи. Арҭ анаплакқәа зауа анхаҩы урҭ реиқәырхарази рырҿиарази илшо зегьы ҟаиҵоит. Шә-нхамҩак ари апроект иалаҵахо рахьтә абжа акәзаргьы иҳаууеит лҵшәабзиала аус зуша, наплакра злыҵша, ари ҳара ҳекономиказы цхыраагӡа духоит.
Убри аҟнытә ҳара ара ҳазлацәажәаша ыҟоуп, ажәалагалақәа ҟаҳҵароуп.
Владимир Дауров: Рауль Џьумка-иҧа, ас еиҧш анаплакы аҧҵара атәы ҳҳәозар, ҳара аиҭаҳатәқәа ҳамоуп, урҭгьы ари анаплакы ашҟа инаҳгар ҟалоит, избан акәзар адгьылқәа ҳамоуп аҧхьаҟа хархәашьас ирыҭатәу макьана зҵаараны иаҳзықәгылоуп (уа 20, 40, 50, 100 гектар рҟынӡа ыҟоуп). Иҟоуп адгьылқәа, иаҳҳәап, мараҭәашәаратәи аган аҟны, ауаа рхала хылаҧшра аҭара рылшоит уб. иҵ.
Рауль Ҳаџьымба: Ари апроцесс ҳаламгаӡаци? Алагамҭагьы ыҟаӡами... Ирзаҳшәама?
Владимир Дауров: Ҳалагеит. Иахьа раҧхьатәи ашәатәы ҳалагоит.
Рауль Ҳаџьымба: Нас егьырҭ ҳара иаҳшәоит. Анхаҩы ари аусура ихала анагӡара шилшо анибалак, ари аҭыҧ иара имазааит, иара итәызааит уи адгьыл, ихатәы нхамҩаны иҟазааит. Уи аус инапы алакуп азы ихазгьы аҳәынҭқарразгьы аусура далагоит.
Владимир Дауров: Аҧхьанатә, апрограмма аусура ианалага, аҳәынҭқарра аиҭаҳара, ахылаҧшра ахы иаднаҵоит, ашәырҿалара иалагаанӡа афинансқәа азоунажьуеит ҳәа, нас ари зегьы анхаҩы ма қьырала изго изынхоит ҳәа азҵаара ықәгылан , аҳәынҭқарра ишьақәнаргылоит ҳәа аҽаҩраҟнытә шаҟа процент алаигало – 5%, 10%, 20% ракәу.
Рауль Ҳаџьымба: Уи настәи апроцесс ауп.
Владимир Дауров: Иаҳҳәап, аҵәақәа 2016 шықәсазы ашәыр ҿало иалагоит, 4 шықәса рҭахуп аҿалара иалагарц азы.
Рауль Ҳаџьымба: Арҭ аҵәақәа баша аиашьчикқәа ирҭаҵаны акәымкәа изҭаху рҟынӡа инеироуп.
Владимир Дауров: Ҳара ҳџьырмыкьаҟны арҭ аҵәақәа рҭахра ҳаракуп. Убри инацҵаны ауҭраҭыхҵәахырҭа ауҭраҭыхи ашәыри рыдкылара иазхиоуп.
Рауль Ҳаџьымба: Еиҭасҳәахуеит, анахьгьы арахьгьы алҵшәақәа ҟалароуп. Иазҧхьагәаҳҭаз зегьы ҳзынамыгӡаргьы, ауаа ааиуеит арҭ апроцессқәа рыҽрыларгаратә еиҧш.
Амиран Лагәлаа: Азин сышәҭома? Ҳара даара агәыҕра ҳамоуп, абри ҳаиҿкаара, напхгара зуа ҳаилахәыра ҿырҧшык, гәыцәк иаҩызахоит егьырҭ апроекктқәа зегьы уи аҩныҵҟа рынагӡара алшоны иҟалоит ҳәа.
Аха исҳәарц исҭаху абри ауп. Абри аҭагылазаашьаҟны аҳәынҭқарра инвесторк аҳасабала ишықәгылоу ала, аинвестор апроект аҿиара аамҭақәа зегьы зҿлымҳара аиҭоит, - абра аан, аиҭаҳара, аизҳара, аҽаҩра еизгара – зегьы хырҩа рыҭаны, зегь раасҭа ихадароу – аҭирагьы хырҩа аҭоуп. Даҽакала иаҳҳәозар, егьырҭ ирацәажәо, иеихызшо, иеидызкыло уҳәа аихшарацентр ыҟамкәа ари зегьы алыршара уадаҩхоит. Абри апрограмма аусура ишалаҳаргалак, арҭ аизыҟазаашьақәа зегьы аҭыҧ иқәаҳҵоит.
Асҭамыр Аппба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩы: Аинвестициақәа рымҽхак заҟарои?
Амиран Лагәлаа: Ҳара иаҳаҧхьаӡаз ала, абри еиҧш рҧхарҭак ахәҧса – адгьылҭыҧ аҟны инаганы ашьақәыргыларазы ахәҧса 990 нызқь мааҭ артәоит. Ари италиатәи аилахәыра «Луккини» арҧхарҭоуп. Аха уи иарбанзаалак даҽа рҧхарҭазар ҟалоит - израильтәи, испаниатәи – ҳара иаҳнаало алаҳхуеит. Ари иацлоит ацикл азы аныхтәқәа: аиаҵәара атәы ҳҳәозар, 160 нықь мааҭ рҟынӡа, ауҭраҭых азы - 190 нызқь мааҭ. Уахь иаҵанакуеит агрономиа, ажәла, аиҭаҳатә, арҵәыга уҳәа егьырҭ иаҭаху зегьы. Иара арҧхарҭа иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟаҵоуп, иеизугоит, иеимухоит, ҳпартниор, ма афермер ҳаззеиқәшаҳаҭхаз акы наимыгӡар, уи хымш рыла иеимхны даҽаџьара ииаганы иургылар ауеит.
Владимир Дауров: Ари аимадара ахьалгоу адгьылҭыҧ иадҳәалами.
Амиран Лагәлаа: Аимадарақәа аҭахӡам. Анхамҩа дуқәа ртәы анаҳхәо, ари проблема хаданы иҟоуп – амеханиациа азура, абылтәы азҵаара. Ара аидеиа шьаҭас иамоу арҧхарҭа хазхаҭалатәи анхамҩа иаҳҭоит.
Рауль Ҳаџьымба: Ҳара анхаҩы аус ицура ҳшазхиоу ҳхәароуп, ишьапы дықәзыргалаша иоурц азы. Агәра жәга, ауаа абри амҩа алырхуеит.
Владимир Дауров: Рауль Џьумка-иҧа, анхаҩы изы ихадароу – иаалыҵ аҭироуп. Амиран Лагәлаа ишиҳәаз еиҧш, анапхгаратә еилахәыра аҭирагьы ахахьы иагозар, ауаа, ҳәарада, иаадрыхуа арҭалоит.
Рауль Ҳаџьымба: Сара ари апроцесс ақьаад аҟны иаанхар сҭахӡам, уи афинанс азоужьра иалагатәуп. Афинанстә хыҵхарҭазы исҳәахьеит – уи 400 млн мааҭ азгәаҭоуп. Ара аҳәынҭқарра алахәзар сҭахуп ари апроцесс, анхаҩы ишьапы иқәыргылара иацхраартә еиҧш, иргылахо арҧхарҭақәа нас иара анхаҩы иҭарала. Уи дара ргәы азҭанаҵоит.
Адгур Ардзынба, Аҧсны аекономика аминистр: Рауль Џьумка-иҧа, шәара иаҳзықәшәыргылаз ауснагӡатәқәа рынагӡара хацыркуп. Раҧхьа иргыланы, анаплакра маҷи абжьаратәи анаплакреи адгылара рыҭара мҩаҧысуеит, лымкаала, ақыҭаҟны анаплакра маҷ аҿиара иалагеит. Ҳара хықәкы хаданы иҳамоу – ақыҭаҟны анаплакҩы иаҧҵароуп. Уи рацәак идуум нхамҩақәоуп, зхала зхы ҿызхуа, аҧарарҳаразы ақыҭа иалҵны џьаргьы ицаӡом усҟан.
Ахыҵхырҭеи афинансзоужьреи рмеханизм азы – аусура мҩаҧысуеит. Шәара шәнапынҵала урыстәылатәи аколлегацәеи ҳареи ҳаиқәшәеит, ҳаицәажәеит, уажәы амеханимқәа разырхиара ҳаҿуп.
Уажәы афинансзоужьразы ихадароу амыругақәа аус рыдулара иаҿуп:
1. Апроекттә финансзоужьра;
2. Ааглыхра ахархәагақәа қьырала ргара анаҩс раахәара азин рыцҵаны;
3. Апроценттә зыҧҵәа азоужьра иргаз афинанстә цхыраагӡақәа, акредитқәа рзы.
Нас, ахархәагақәа рыхәҭак арҵара, аквалификациа ашьҭыхра азкра, ҳанхацәа адгьыл аҟны аусушьа рыздырам ҳәа акәым, аха иҟоуп атехнологиақәа алҵшәақәа иҵегьы реизырҳара алзыршо.
Ииашаны иазгәаҭоуп УА афинанстә цхыраара аҳәаа иҭагӡаны уанӡа инагӡаз апроектқәа рзы. Урыстәылатәи ҳколлегацәа азҵаара иашаны иқәдыргылоит, ахырхарҭақәа зегьы рыла иеиуеиҧшым апроектқәа нагӡоуп аха алҵшәа ыҟаӡам анырҳәо.
Уажәы уанӡа иҟаҵаз ҳхы иаҳархәарц ҳаҿуп – ауҭраҭыхҵәахырҭа уҳәа уб. иҵ. Ҳара уаанӡа иҟаҵазз мап ацәаҳкӡом, уи алҵшәа аиурц азы аус адулара ҳаҿуп. Ихадароу лҵшәаны иҟоу – ҳанхаҩцәа рхы зланыҟәыргаша ахашәала роуртә аҟаҵароуп.
Рауль Ҳаџьымба : Адепутаттә корпус аҟнытә аӡәгьы акгьы иҳәар иҭахӡами?
Беслан Ҵнариа, Жәлар Реизара адепутат: Сара макьана ари апроект сымбаӡац, исыздырӡом. Аҳәынҭқарра аганахьала анхаҩцәа иаадрыхуа аҭираҟны ацхыраара роур, анхаҩцәа рхалагьы аџьырмыкьа рхы ишадырхәыша рыҧшаауеит.
Иаҳҳәап, Рауль Џьумка-иҧа, Атәылахьчара аминистрра иахьа Аҧсны анҭыҵ ақыҭаалыҵ аанахәоит. Иӡбазар зыҟамлои, уи Аҧсны иҭымҵкәа, ара иаархәаларц азы? Уи ала анхаҩгьы ҳицхраауеит, ахәгьы иаҳа илаҟәны иҟалоит.
Иаҳгар, апомидори анашеи. Урҭ ҳар ирызхартә аҟара аадрыхуеит. Акурорттә обиектқәа рацәаны иҳамоуп ари аалыҵ аазхәаша. Ари апроцесс анырра шаҭатәу иазхәыцтәуп. Анхаҩцәа массала абизнес радҧхьаларазы алшарақәа аҧҵатәуп.
Дмитри Сериков, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩы: Саргьы уажәааигәаӡоуп ианызба апроект. Ҩба, иазгәасҭарц исҭаху. Ихадараны иазгәаҭатәу – арҭ амеханизмқәа зегьы рыҟны анапхгаратә еилахәыра рольс инанагӡо, ииашаны ишазгәаҭоу еиҧш, ихадарақәоу иреиуоу – аалыҵ аҭиразы адәқьанқәа рахь анеира. Иалхтәу анапхгаратә еилахәыра иаҳа иаартны иазнеитәуп. Еилахәырақәак ҷыдала иалкааны акәымкәа, аицлабра мҩаҧганы иаҳа аҧышәа змоу аиааиртә иҟаҵатәуп. Ари ганкахьала.
Аҩбатәи аган – аҩныҵҟатәи аарыхҩы адәныҟатәи ицәыхьчара алыршара. Уажәы ҳазегьы иаҳдыруеит ақыҭанхамҩа аалыҵ аҩаӡара шылаҟәу. Арахь иаауа аалыҵ аиҳарак анаплакы дуқәа рыҟны иаадрыхуеит. Аҩны иаадрыхуа аалыҵ, хымҧада, ахә еиҳахоит, шә-гектарла измоу анхамҩа дуқәа рыҟны иаадрыхыз аасҭа. Уи ахаангьы ахә еиҵахом. Ҳара иаҳтәу аарыхҩы дзыхьчо механизмк аҧаҳамҵар, ари апроект аҧара азмырҳар ҳәа сшәоит. Избан акәзар, иара аахәагатә механизмгьы егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аалыҵ ааганы анапхгаратә еилахәыра ишьақәнаргыло иеизаку ахә ала алаҵара иалагартә иҟанаҵоит.
Убри аҟнытә атәыланҭыҵынтә иаагахо аалыҵ алагалара иацәызыхьчо амеханизм иазхәыцтәуп ҳара ҳагәҭакы бзиақәа алагаанӡа инымҵәарц азы.
Даҽакгьы апроект ианырҧштәу ҳәа сгәы иаанаго. Аалыҵ аахәагатә ахәҧса ашьақәыргылара аҧҟара аартны иҟазар еиҕьуп. Сара аҳәынҭқарра аганахьала инҭырхәыцааны агәаҭара сақәшаҳаҭӡам. Ауаа ахақәиҭра рыҭатәуп, алшара рыҭатәуп. Ари, сара сгәаанагарала, алҵшәа бзиа ҳнаҭоит.
Анхаҩцәа аарыхҩцәа арҧхарҭақәа рыҟны алхра азин рымазароуп. Урҭ аалыҵ аамҭала аҵәахразы ашьҭаҵарҭақәа рахь рнагара рылшоит анапхгаратә наплакы ишьақәнаргыло ахәҧса ала. Иара убасгьы ахы иақәиҭны аџьырмыкьаҟны аҭира азин рымазароуп Аҟәа акәзаргьы Пицунда акәзаргьы. Зхы иазырхәо ауааҧсыра раархәара рылшартә еиҧш. Алхразы аҭагылазаашьа аныҟоу алҵшәа бзиақәа ҟалоит есқьынгьы.
Амиран Лагәлаа: Анапхгаратә еилахәыра атәы ҳҳәозар. Анапхгаратә еилахәырак ааҧхьахоит ҳәа акәӡам иаҳҳәо. Ари, раҧхьа иргыланы, аҧсуа ҳәынҭқарратә еилахәырахоит, арахь иааҧхьахо аспециалситцәа атренингқәа мҩаҧыргалоит аиқәшаҳаҭрақәа ыҟоуп, убарҭ инарықәыршәаны аиҿкаараҟны иҳацраауеит.
Ахәқәа рзы сзықәшаҳаҭым ыҟоуп. Ҳара «афермери – анапхгаратә еилахәыреи» реизыҟазаашьа шьақәҳаргылоит ҳәа мацара акәӡам хықәкыс иҳамоу. Ҳара , «уара иуааӡеит, ҳара иумҳахәҳаит, абзиараз» ҳәа аизыҟазаашьақәа аҧаҳҵарц ҳгәы иҭаӡам. Афермергьы анапхгаратә еилахәыра аҧшәымас дамоуп. Уи ус иҟаҵатәуп џьаргьы дымцарц азы. Уи аҳәынҭқаррагьы анапхгаратә еилахәырагьы рҿаҧхьа иду иуал шәаны даналгалак ашьҭахьгьы , ара аус иуеит хымҧада, насгьы ари аилахәыра ахашәалагьы далахәхоит. Даҽакала иаҳҳәозар, ари афермерцәа ркооператив ауп. Абас иҟаҵамзар, акгьы алҵӡом.
Дмитри Сериков: Сара напхгара зуа аилахәыра, хымҧада, ҳәынҭқарратәызароуп ҳәа сгәы иаанагаӡом. Ахатәы бизнес аҿиаразы иҵегьы алшарақәа аҧҵатәуп ҳәа исыҧхьаӡоит, насгьы абизнес ибзианы аус ахьауа, аҧара ахьарҳауа аҳәынҭқарра адҧхьалара аҭахӡам ҳәа исыҧхьаӡаӡом.
Сара сгәаанагарала, аҳәынҭқарра иатәызароуп ари акомплекс, иара амазара. Напхгара зуа аилахәыра аус аулароуп , асасааирҭатә бизнес аҟны еиҧш. Асасааирҭақәа зтәу хазуп, анапхгараҭаратә еилахәыраҟны даҽа џьоукы ыҟоуп. Урҭ напхгара арҭоит, ахашәала аҟнытә иалкаау апроцент роууеит.
Анапхгара шеиҿкаахогьы ҵакы амоуп. Ҳара абри аганахьала маҷк ҳаҵахахьеит. Адунеитә еилахәырақәа жәпакы абри аганахьала даара ҧхьаҟа ицахьеит. Еилахәырақәак ахашәалаҟнытә ҩ-процентк роууеит, егьырҭ – хҧа. Иҟалоит аицлабра мҩаҧаҳгар напхгара зуа аилахәырақәа рыбжьара аҳәынҭқарратә комплекс амаҵзура ахаҭабзиаразы. Иреиҕьу алҵшәақәа аазырҧшыз, иаиааиз аилахәыра аҟны аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит ҩышықәса ҳәа. Иҟоуп аҵакы ду змоу аҟәшақәа, аҳәынҭқарра абизнес иазамҭо. Убри аан аҳәынҭқарра ҵакы змам аҟәшақәа ааннажьлароуп.
Асҭамыр Аппба: Ара ҳазлацәажәоз абизнес маҷи абжьаратәи абизнеси адгылара аҭаразы апрограмма иахәҭакны иҟоуп. Иацы афинансыркразы алшарақәеи акредиттә хархәагақәеи рыҭареи ртәы ҳалацәажәеит. Иахьа иашьҭыху азҵаарақәа зегьы абизнес маҷи абжьаратәи абизнеси адгылара аҭаразы апрограмма ду аҳәаа иҭагӡаны имҩаҧгатәуп, насгьы уа ишьақәыргылоу аҧҟарақәа ирықәшәозароуп.
Иахьатәи ҳаицәажәараҟнытә иубоит иеиуеиҧшым азнеишьақәа шыҟоу. Аҳәынҭқарра хықәкы хаданы иамоуп – абизнес адгылара аҭаразы амеханизм ашьақәыргылара. Ари апроект ҧыжәара зламоу – уи ахы инаркны аҵыхәанӡа анагара ахьалшо ауп. Хымҧада уи аҽазыҟаҵареи арҵареи иалагатәуп. Уи ари апроцесс арццакра иацхраауеит.
Ари аус аҟны игәыгәҭажьхаз ыҟоуп, ҳара уи хаҳарҭәаароуп. Ара аҳәынҭқарра рольс инанагӡар ауа, арҵаратә центрқәа реиҿкаара иацхраароуп, финансла еиқәнаршәароуп, ауаа аҵаразы алшарақәа рзаҧҵатәуп. Акраҵанакуеит арҭ апроектқәа рыҟны аинформациа аизгара, амаркетингтә анализ амҩаҧгара уҳәа уб. иҵ. Ари аџьырмыкьаҟны имҩаҧысуа, аҿиаразы лшарақәас иҟоу аилкаара ҳалнаршоит.
Рауль Хаджимба: Уаҳа згәаанагара зҳәар зҭаху шәыҟоума?
Амра Қәаранӡиа, Аҧсны Афинансқәа рминистр: Сгәы иаанагоит ақыҭанхамҩа, ақыҭауаҩы хымҧада адгылара иҭатәуп. Аҵыхәтәаны, уснагӡатәны иқәгылазароуп шаҟа ҳарҳауа акәымкәа, алшарақәа змоу ақыҭауаҩы ишьақәыргылара.
Рауль Ҳаџьымба: Ҳара раҧхьа иргыланы, иелаҳкаароуп, усурада анхаҩы аҳәынҭқарра иазыҟазаашьа ҳзыҧсахӡом.
Уажәы ара иаҳҳәаз зегьы – ари сара асазхәыцны иҟасҵеит. Сара шәара шәгәаанагара здыруазароуп. Ҳара иеиуеиҧшым азнеишьақәа шыҟаз ҳаҳаит. Хара имгакәа аусуратә гәыҧ аҧаҳҵоит, иахьа иҟаз ажәалагалақәа азҳархиоит документкны иеидкыланы. Иарбанзаалак иҟаз агәаанагара иазхәыцтәуп, зҿлымҳара аҭатәуп.
Ҳара анхаҩы ҳаиликаартә иҟаҳҵароуп. Мышқәак раҧхьа иаҳҳәоз – анхаҩы, ахазхатәы асектор адҧхьаларазы иазгәаҳҭаз амҩа ахырхарҭоуп иамоу. Аха уа зыӡбахә ҳәоу кредитла аиқәыршәара ауп, ара – аҳәынҭқарра афинанстә цхыраарақәак аҧшааразы алшарақәа ртәоуп иҳәоу, аҳәынҭқарра аинтересқәа инарыдҳәаланы арҭ апроцессқәа дара анхаҩцәа радҧхьалара. Афинанстә аагарҭақәеи арҭ апрограммақәа рынагӡашьеи хаз-хазуп.
Иақәнагоу адокумент азырхиаразы мызкы ҳҭахуп ҳәа сгәы иаанагом. Жәамш рыҩныҵҟала адокументқәа рпакет азырхианы иаагатәуп. Аҧыза министри Ахада иабжьагаҩи ари адокумент аус адулара рхы аладырхәырц аҳәара ҟасҵоит. Сгәы иаанагоит Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аекономика аминистрра, адепутаттә корпус ацхыраара ҳарҭоит ҳәа. Ҳара алшарақәа аҧаҳҵоит ақыҭаҟны аҭагылазаашьа аҽаҧсахырц азы. Афинанстә аагарҭақәа ыҟоуп. Урҭ аҭагылазаашьа аҧсахра иацхраауеит. Аха уи уанӡеиҧш ҳазнеиуа ҳалагар, аҧара ахьца-иахьаа ҳамбаӡакәа ицоит, ҳара аҧара аус аур ҳҭахуп.
Жәамш рыҩныҵҟала адокументқәа рпакет сшәырбоит, убасҟан абри апрограмма анагӡара атәы ҳалацәажәоит.