17.06.2015
Рауль Ҳаџьымба ихы алаирхәит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа (ААУ) адипломқәа ранашьара иазку агәырҕьаратә церемониа
Аҟәа, 12.00
Рауль Ҳаџьымба ихы алаирхәит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа (ААУ) адипломқәа ранашьара иазку агәырҕьаратә церемониа.
Аҳәынҭқарра Ахада аушьҭымҭацәа ауниверситет иалгаз дрыдныҳәалеит, ирзеиҕьеишьеит ақәҿиарақәа.
Рауль Ҳаџьымба адипломқәа рнапы иаиркит ААУ азиндырратә факультет аушьҭымҭацәа.
«Шьҭахьҟа инхеит ауниверситет аҟны аҵара шықәсқәа, аха шәара шәыҧсҭазаара зегьы аҵара шәҵалароуп. Сара сзы гәахәароуп есышықәса аушьҭымҭацәа рыҩаӡара иахьазҳауа", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.