Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Владимир Путин Урыстәыла Амш идныҳәалара

16.07.2015

Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла Амш.

Адныҳәалартә цҳамҭаҟны, лымкаала, иҳәоуп:

"Урыстәыла аныҳәа иаҧылоит мчызмоу, зҳәоу еиқәшәоу, иааиҧмырҟьаӡакәа аҿиара иаҿу, акультуреи атрадициа дуи, апатриотизми, Аҧсадгьыл амаҵуреи иеиднакыло ажәлар иртәыланы.

Ҳаҭыр зқәу, Владимир Владимир-иҧа, шәара, шәымчала, шәҟәыҕареи имҩаҧыжәго аполитикеи, шәы-Ҧсадгьыл хамеигӡарада амаҵуреи, ишәымоу уи абзиабара дуи ирыбзоураны Урыстәыла ду ажәлар рҳәынҭқарра иазгәдуны, уаҵәтәи амш иақәгәыҕуа иҟоуп.

Агәра ганы сыҟоуп, аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иҟаҵаны, ҳажәларқәа ринтересқәа азгәаҭаны, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи инарҭбааны русеицуреи ганрацәалатәи реинырреи инарҵауаланы ишымҩаҧысло".


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org