18.05.2015
Аҧсны Ахадеи Жәлар Реизара адепутатцәеи реиҧылара
Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи адепутатцәеи реиҧылара.
16.05.2015
Аҧснытәи АИХ рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа астенограмма
(Иацу II ахәҭа)
16.05.2015
Аҧснытәи АИХ рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа астенограмма
(I ахәҭа)
16.05.2015
Аҧснытәи АИХ рзы Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа
Абыржәы ихыркәшахеит аҧснытәи АИХ рзы Рауль Ҳаџьымба ипресс-конференциа.
15.05.2015
Аҧсны абыргцәа Рхеилак Ахантәаҩы Озган К.К. иахь
15.05.2015
Аҧсны Ахада Беслан Ҳагба ААР аилазаара дыдирдырит
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара дыдирдырит Аҩныҵҟатәи усқәа рминистр Беслан Ҳагба.
15.05.2015
Абарҭ аминуҭқәа рзы Шәача имҩаҧысуеит Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини реиҧылара.
Абарҭ аминуҭқәа рзы Шәача имҩаҧысуеит Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини реиҧылара.
14.05.2015
Рауль Ҳаџьымба урыстәылатәи аҵарауаа аҳамҭақәа риҭеит
Аҧсны Ахада лаҵарамза 13, 2015 ш. инапы рыҵаиҩит Урыстәыла аҭҵаарадырра иналукааша аусзуҩцәа "Ахьӡ-аҧша" аорден рыҭарази аҳаҭыртә хьӡы раҭәашьарази аусҧҟақәа.
14.05.2015
Владислав Суроков иҟнытә адныҳәаларатә аацҳамҭа
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Сурков Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70-шықәсаихыҵра амш инадҳәаланы Рауль Ҳаџьымба дидныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы иҳәоуп:
«Владислав Григори-иҧа – Аҧсны Афырхаҵоуп, аҧсуа ҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы ақәҧара дасимволуп».
14.05.2015
АУСҦҞА
“Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәшазы”
14.05.2015
Абыжьбатәи аҟәша Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп
Иахьа Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп.
Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа аштат иалгоуп аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа.
14.05.2015
АУСҦҞА
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр азы
14.05.2015
АУСҦҞА
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҟнытә Лолуа Р.В. ихы иақәиҭтәразы.
14.05.2015
Даҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр
Иахьа Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс даҭоуп Беслан Бадра-иҧа Ҳагба.
14.05.2015
Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини еиҧылараны иҟоуп
Уаанӡа имҩаҧгаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны лаҵарамза 15 рзы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҧылара.
13.05.2015
Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылҧаз Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны
Рауль Ҳаџьымба даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысз ахәылҧаз.
12.05.2015
Владислав Арӡынба ибаҟа аартра
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Раҧхьатәи Ахада, аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Тҟәарчал ақ. аҟны аартра иазкыз ацеремониа далахәын.
12.05.2015
Баграт Шьынқәба имшира
Иахьа иазгәарҭоит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны жәлар рпоет Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 98 шықәсаҵра.
12.05.2015
АРУТИУН ЧАКРИАН ИБИУСТ АҞНЫ АШӘҬ ШЬҬАҴАРА
,
Рауль Ҳаџьымба ашәҭқәа шьҭаиҵеит Гәмысҭа ақыҭа абжьаратәи ашкол ашҭаҿы иқәыргылоу Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибиуст аҟны.
12.05.2015
ДАҬОУП АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СТАТИСТИКА АУСБАРҬА АИҲАБЫ
Иахьа Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп Гогиаҧҳа Кама Алеқсеи-иҧҳа.