Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аконституциатә реформазы Акомиссиа аилатәара

17.07.2015

Имҩаҧысит Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аконституциатә реформазы Акомиссиа изаамҭанытәу аилатәара. Аконституциазы Акомиссиа аҧҵан ажьырныҳәамза 22, 2015 ш. Ахада Иусҧҟала.


Аҟәа, 12.00

Имҩаҧысит Ахада Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуа аконституциатә реформазы Акомиссиа изаамҭанытәу аилатәара. Аконституциазы Акомиссиа аҧҵан ажьырныҳәамза 22, 2015 ш. Ахада Иусҧҟала.    

Аилатәараҟны иалацәажәан «Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭыҧантәи ахаланапхгареи анапхгареи рзы» Аҧсны Аконституциа арҽеирақәа ралагаларазы Аҧсны Аконституциатә закәан апроект.   

Аҭыҧантәи ахаланапхгара асистемаҟны аҧсахрақәа аконституциатә реформаҟны акрызҵазкуа ахәҭақәа ируакны иахәаҧшуеит.  

Аилатәара аартуа, Ахада Рауль Ҳаџьымба иҳәеит: «Аҭыҧантәи ахаланапхгара – ҳара ҳзы акрызҵазкуа темоуп. Ҳара акыр шықәса раахыс аҭыҧантәи ахаланапхгара аҟәшаҟны аҧсахрақәа ртәы ҳҳәоит, аха аиҭакрақәа ҳәа акгьы мҩаҧысӡомызт.  Иахьа Аконституциа ари ахәҭеи егьырҭ ахәҭақәеи рыҟны аҧсахрақәа акыр ҳарзааигәахеит». 

Аҭыҧантәи ахаланапхгара аҟәшаҟны ажәалагалақәа разырхиаразы аусуратә гәыҧ анапхгаҩы, Жәлар Реизара адепутат  Валери Агрба Акомиссиа алахәылаҩцәа ирылаиҳәеит  аусуратә гәыҧ иазнархиаз ажәалагалақәа.  

Азакәанапроект инақәыршәаны, иқәыргылоуп Азакәан хада ашҟа абарҭ арҽеирақәа: 

1) 4 ахәҭаҷ  актәи ахәҭаҟны ажәа  «Гагра» анаҩс ихарҭәаазааит ажәа «Пицунда,» ала; 

2) 53 ахәҭаҷ 16 апункт абри аредакциа азуны ианҵазааит: 
«16) Аҧсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны анагӡаратә мчхара ахадацәа аиҭоит рыхгьы иақәиҭитәуеит, аконституциатә закәан ала ишьақәыргылоу аҧҟарала»; 

3) 79 ахәҭаҷ 2 ахәҭа аныхзааит; 

4) 79 ахәҭаҷ 3 ахәҭа абри аредакциала ианҵазааит;
« Аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа реилазаара, рзинмчқәа, ралхшьа шьақәыргылахоит аконституциатә закәан ала»

Иқәыргылаз ажәалагалақәа зҿлымҳара рыҭаны ирылацәажәан.  

Аимак аҟны иҟан аҭыҧантәи ахаланапхгара асистемаҟны адагьы аконституциа ареформазура егьырҭ аҟәшақәа рыҟны аҧсахрақәа рымҩаҧгара шалшо иазкыз агәаанагарақәа. 

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба ирыдигалеит Жәлар Реизара,  араионтә, ақалақьтә еизарақәа рахь алхрақәа рзы абжьыҭирақәа ирзеиҧшу мышкы ашьақәыргылара, алхрақәа разырхиареи рымҩаҧгареи ирықәхарџьхо афинанстә хархәагақәа реиҷаҳаразы.   

Ари азҵаара хазы иахәаҧштәуп ҳәа иӡбан.  

Акомиссиа алахәылаҩцәа  алацәажәеит Аҧсны араионтәи ақалақьтәи рынагӡаратә мчхара ашьақәыргылашьас иҟоу, Аҧсны араионтәи ақалақьтәи анагӡаратә мчхара ахадацәа ралхра алагалара налаҵаны. Ари азҵаараҟны агәаанагарақәа зегьы еиқәымшәаӡеит. Ажәалагала ҟаҵан ҧышәараҵас Аҟәа ақ. ахада иалхра алагаларазы.   

Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа абри инамаданы иазгәеиҭеит араионтәи ақалақьтәи рынагӡаратә мчхара аусбарҭақәа рышьақәыргылара знеишьак  рыҭара шаҭаху атәы. «Акала азнеишьа ыҟазароуп – аусбарҭақәа рхадацәа аҳҭозар, араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рыҟны неилымхрада иаҳҭоит, иалаҳхуазар – абри апринцип ҳхы иаҳархәоит», - иаҵшьны иазгәеиҭиет Асҭамыр Ҭаниа. 

Аимак-аиҿак ахьымҩаҧысуаз иааҧшит Акомиссиа алахәылаҩцәа реиҳараҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ралхра аҧҟара макьана изаацәоуп ҳәа агәаанагара шрымоу.   

Иааизакны, ажәалагала ҟаҵан Жәлар Реизара адепутатцәа, араионтә, ақалақьтә еизарақәа рахь алхрақәа рзы аҧҟарақәа рырџьбаразы, апарламентә еилазаарахь акриминалитети адепутатра иақәнагоуи ауаа аламшәарц азы.  

Ҩ-сааҭктәи аилацәажәара анаҩс, Акомиссиа алахәылаҩцәа аусуратә гәыҧ иазнархиаз азакәанапроект рыдыркылеит.

Рауль Ҳаџьымба даҽазныкгьы иазгәеиҭеит аконституциатә реформа аус адулара шаҭаху, уи аҵакгьы шдуу. «Аконституциатә реформа амҩаҧысра иаҿуп, уи иагьацҵахоит. Ҳара иаҳҳәаз ҳацәхьаҵуам,  иазгәаҳҭаз ареформақәа разҧхьагәаҭа хықәкыла ҳақәныҟәо ҳаауеит», - иҳәеит Ахада.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org