14.07.2015
Аҟәа , 16.30
Ахада Рауль Ҳаџьымба Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩы Рашид Нургалиев диҧылеит.
Аиҧылара иалахәын Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩы Муҳамед Кьылба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аҧсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩы Семион Григориеви Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак Амаӡаныҟәгаҩы ицхырааҩы Никита Никитин.
Аиҧылараҟны ишазыразу рҳәеит иахьа аҧсуа-аурыс усеицура амҩаҧысшьа, иагьазгәарҭеит аҩ-ҳәынҭқаррак реимадараҟны азеиҧш знеишьақәа.
Ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра анагӡара азҵаарақәа. Иазгәаҭан, аҩганкгьы ари адокумент аҟны иарбоу ҩ-ганктәи аусеицуразы иҟоу алшарақәа харҭәааны рынагӡара хықәкыс ишрымоу.
Аҧсныҟа иаара иҭагӡаны Рашид Нургалиев иара убас дырҧылеит ААР, Атәылахьчара аминистрра, Аҳәынҭқарра ашәараҭадара Ахеилак рнапхгара. Аиҧыларақәа Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рыҟәшаҟны аҧхьаҟа русеицура арҿиара иазкын.