09.06.2015
Гагра, 11.00
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Гагра араион асоциалтә-економиатә ҿиареи, акурорттә аамҭа аҽазырхиареи, абжьааҧнытәи апроблемақәеи ирзыкыз араион активи ауаажәларреи рҧылара.
Аиҧылара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Гагра араион Аусбарҭа ахада Беслан Барцыц, Гагра араион Аизара ахантәаҩы Рудольф Алшәынба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аминистрцәа реилазаара алахәылаҩцәа.
Ахада иқәгылара ашьҭахь араион ауааҧсыра рызҵаарақәа жәпакы рҭакқәа ҟаиҵеит.