17.04.2015
Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит.
Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны
Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара.
Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара.