20.04.2015
Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит.
Асаит акыр ирҿыцны иеиҭашьақәыргылоуп, иаҧҵоуп уи адизаин ҿыц, иазгәаҭоуп иара убас асаит аҩныҵҟа иҿыцу аиҭаҵрақәа. Ишьақәгылоуп х-бызшәак рыла – аҧсуа, аурыс, англыз бызшәала. Асаит иагәылоу арҿыцрақәа иреиуоуп есааира ирҿыцлахо анормативтә документқәа рбаза (Ахада иусҧҟақәеи идҵақәеи, Аҧсны азакәанқәеи азакәанеидкылақәеи, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи). Асаит иамоуп алшара Ахадеи Ахада ихаҭыҧуаҩи рышҟа аелектронтә шәҟәы аҩразы. Абри аелектронтә хархәага иара убас ианылоит Ахада ихаҭыҧуаҩи уи напхгара ззиуа акомиссиақәеи русура атәы. Ахархәагаҩцәа рзы ихәарҭахоит ара Аҧсны атәылауаҩра аиуразы аусмҩаҧгатәқәа ирызку аинформациа аиура ахьалшо иара убас иҟалоит иаҭаху аформақәеи адокументқәеи релектронтә хкы аҭыгара. Ҷыдала АИХ рзы икьыҧхьхоит Ахада дызлахәу аусмҩаҧгатәқәа ирызку анонсқәа, иҟоуп Ахада Иусбарҭаҟны аккредитациа аиуразы аусмҩаҧгатәқәа ирызку аинформациа.
Асаит аҭыӡҭыҧ: www.presidentofabkhazia.org