Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара амш адныҳәалара

05.06.2015

Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара амш адныҳәалара

Рауль Ҳаџьымба Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара адунеизегьтәи амш рыдиныҳәалеит аекологцәа, аҧсабарахьчаратә усбарҭақәа рспециалистцәеи аветеранцәеи.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу аекологцәа, аҧсабарахьчаратә усбарҭақәа рспециалистцәа, аветеранцәа.

Ишәыдысныҳәалоит Иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара адунеизегьтәи амш!

Зыда ыҟам Аҧсны аҧсабара аҧсуа уаажәларра рмалқәа зегьы ирмалуп. Ҳара зегьы, хымҧада, Аҧсны аҧсабаратә цхыраагӡақәа реиқәырхара зеиҧш ҭакҧхықәраны ишҳаду дырны ҳазнеилароуп.

Есҽнытәи аекологиатә маҵзурақәа русура иабзоураны иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара хылаҧшра аҭара, есышықәса уи ахаҭабзиара аиҕьтәразы алшара ҳамоуп. Аха ари аусура еиҧҟьарада алҵшәа бзиақәа амазарц азы аҧсабарахархәаҩцәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, ауаажәларра зегьи ҳамчқәа еилаҳҵароуп, ҳаицхыраароуп.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Зыҧсҭазаара аҧсабара ахьчара иадызҳәалаз зегьы, иҭабуп ҳәа шәаҳәарц сҭахуп ҳуаажәларра ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иазку, ҭакҧхықәра ду зцу шәусуразы!

Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡара дуқәа шәнапы злаку аус аҟны!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org