Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара

Аҟәа, 12.00

Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра азиуан ажьырныҳәа 22, 2015 шықәсазы Аҧсны Ахада Иусҧҟала иаҧҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара.

Ахада иажәалагалаҟны иазгәеиҭеит: “Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит аконституциатә реформа амҩаҧгара шаҭаху. Аҧхьатәи ашьаҿа ҟаҵоуп аӡбаратә система иадҳәалоу ахәҭаҟны. 2016 шықәсазы аусура иалаго арҭ аӡбамҭақәа, аҳәынҭқарраҟнытә иацҵаны ацхыраара рҭаххоит. Егьырҭ ахырхарҭақәа ртәы ҳҳәозар – уи, раҧхьа иргыланы, амчра анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи махәҭақәа мычла реиҟаратәроуп; аҩбатәи, парламент ашьақәгылашьа аҧсахроуп – алхратә система аиҭакра, иара убас азакәанҧҵаратә усбарҭа ахыҧхьаӡаратә еилазаашьа аҧсахра; ахҧатәи, аҭыҧантәи ахаланапхгара асистема аиҭакра азҵаарақәа, - ара лыҵшәа бзиала, ахаҭабзиара ҳазхәыцны аус аауроуп. Сгәы иаангоит, акомиссиа аусура лҵшәадахом ҳәа. Зҵаарацыҧхьаӡа иаҳҭаху еилырганы ҳазнеироуп. Шәыҟоуп шәара, иҟоуп адепутатцәа, иҟоуп ҳуаажәларра – ҳазегьы арҭ азҵаарақәа ҳрызхәцлароуп».

Акомиссиа алахәылаҩ, Жәлар Реизара адепутат Валери Агрба Ахадеи Акомиссиа алахәылаҩцәеи идирдырит алхратә система аиҭакреи Жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә шьақәгылашьеи рзы иҟоу ажәалагалақәа. Ирыдгалоуп иахьа Аҧсны иҟоу аиҳараҩӡак рмажоритартә системаҟнытә иеилаҧсоу, амажоритартәи аизышаратәи зҵазкуа асистемахь аиасра. Валери Агрбеи акомиссиа егьырҭ алахәылаҩцәеи ргәаанагарала, иеилаҧсоу асистема егьырҭ алхратә системақәа рыҟны ицәырҵуа агхақәа рыцәцара алнаршоит, насгьы Аҧсны иахьатәи аполитикатә ҭагылазаашьа ауснагӡатәқәа еиҳа ирықәшәоит. Иара убас ирыдгалан адепутаттә корпус аизырҳара 35 – ҩык рҟынтәи 3 45 –ҩык рҟынӡа.

Имҩаҧысуаз аимак-аиҿак аан ирылацәажәеит Валери Агрба ирылаиҳәаз ажәалагалақәа реиҧш, Акомиссиа егьырҭ алахәылаҩцәа ргәаанагарақәагьы. Иаҳҳәап, ажәалагала ҟаҵан адепутат икьымсра аҧҟара аҧыхразы, аимперативтә мандат алагаларазы, аизышаратә система цқьахьы аиасразы.

Аилатәара аихшьала азуа, Ахада иазгәеиҭеит ауаажәларреи аҳәынҭқарреи аполитикатә система ахаҭабзиара аиҕьтәра адагьы, ауаа амчра разыҟазаашьа аҧсахра алзыршо аиҭакрақәа ишырзыҧшу. Рауль Ҳаџьымба Акомиссиа алахәылаҩцәа аҧхьаҟагьы гәацҧыҳәарала аусура рзеиҕьашьо, иҳәеит уи алҵшәақәа Жәлар Реизараҿы ишықәыргылахо.


Возврат к списку