Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Алеқсандр Жуков Имшира идныҳәалара

01.06.2015

Алеқсандр Жуков Имшира идныҳәалара.

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара

Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ,

Олимпиатә еилакы Ахада А.Д.Жуков

Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Дмитри -иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Шәара аихьӡара бзиақәа змоу политикуп, аҟыбаҩ змоу еиҿкааҩуп, урыстәылатәи аспорттә еиҿкаарақәа шәраҧхьагылаҩуп.

Акыршықәсқәа раахыс Шәара имҩаҧыжәго аусура ду иабзоураны урыстәылатәи акоманда еизга Шәача имҩаҧысуаз ХХII Олимпиатәи ахәмаррақәа рыҟны иара иақәнагоз аиааира ааннакылеит.

Алеқсандр Дмитри -иҧа! Шәымшира аҽны ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, анасыҧ!

Рауль Ҳаџьымба


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org