Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Орловтәи аобласт агәубернатор Вадим Потомски иҧылара

02.05.2015

,p>Аҟәа, 10.00

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Орловтәи аобласт агәубернатор, Урыстәыла Орловтәи аобласт аиҳабыра рхантәаҩы Вадим Потомскии уи напхгара ззиуаз аделегациеи дырҧылеит.

Аиҧылара аартуа, Рауль Ҳаџьымба ҷыдала иазгәеиҭеит Аҧсни Орловтәи аобласти ирыбжьоу акыраммҭатәи аимадарақәа ртәы: "Иеиҳаракгьы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Орловтәи аобласт анапхгара иҟанаҵаз рацәоуп Аҧсны ацхыраара аҭаразы. Иахьа Урыстәыла асубиектқәеи ҳареи гәацҧыҳәарала аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵоит. Арҭ аимадарақәа Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара астратегиатә усеицура ахьымҩаҧысуа аиҩызаратә ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳшахәаҧшуа атәы рҳәоит".

Ахада иҳәеит Аҧсни Урыстәыла Орловтәи аобласти реизыҟазаашьа аҧхьаҟа иҵегьы ишыҭбаахо, русеицура аҿиара шаиууа ала агәра шиго.

Вадим Потомски Аҧсны Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз асасдкыларазы, иара убас иҳәеит Аҧсны иибаз азы иоуз агәаанагара атәы: "Ара ҳара аиашазы, алшарақәа маҷымкәа ишыҟоу аабоит. Ҳара ҳганахьала, Орловтәи аобласти Аҧсни реизыҟазаашьа ашьақәыргыларазы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит – ҷыдала, аекономика инадҳәаланы, избан акәзар уи шәаргьы ҳаргьы иаҳҭахуп, иаҳзыфеидоуп».

Аусеицура аформақәа хаҭала дырзааҭгыланы Орловтәи аобласт агәубернатор иазгәеиҭеит: «Рауль Џьумка-иҧа, Урыстәыла Ахада Владимир Путини шәареи шәеиҧылара анаҩс Урыстәыла арегионқәа рахьтә раҧхьа иааз ҳара ҳоуп. Ҳара ишәыдаагало ажәалагалақәа рыҟны шәара шәекономикатә ҭагылазаашьа ҳасаб азаҳуит. Ҳара иҳамоуп шәара шәџьырмыкьа иагу, иаҭаху, сгәыҕуеит иахьа иақәнагоу аҧкаанҵа ҳнапы аҵаҳаҩуеит ҳәа, абри нахыс Аҧсны аҭиирҭақәа рыҟны ҳара ҳафатә аалыҵқәа цәырҵып ҳәа».

Рауль Џьумка-иҧа иҳәеит иеицаҳзеиҧшу аекономикатә проектқәеи егьырҭ аусеицура ахырхарҭақәагьы рынагӡара алыршахоит ҳәа агәаанагара шимоу. Урҭ Аҧсни Урыстәыла Орловтәи аобласти рхадарақәа рнапы зҵарыҩраны иҟоу “Аҧсни Урыстәылатәи Афедерациа Орловтәи аобласти рделегациақәа русуратә еиҿцәажәара Аҧкаанҵа ианыҧшуеит".

* * *

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Орловтәи аобласт агәубернатор, Урыстәыла Орловтәи аобласт аиҳабыра рхантәаҩы Вадим Потомскии реиҧылара алахәылаҩцәа:

1. АМҚӘАБ Артур Артиом-иҧа – Аҧсны аҧыза-министр;

2. АӠЫНБА Шамиль Омар-иҧа - Аҧсны аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ;

3. ГРИГОРИЕВ Семион Виачеслав-иҧа – Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ;

4. БАБКИН Михаил Михал-иҧа - Орловтәи аобласт агәубернатор Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ аекономикеи афинансқәеирзы;

5. ОЗДОЕВ Бекхан Ибрагим -иҧа - Орловтәи аобласт агәубернатор Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ - Урыстәылатәи Афедерациаҟны - Орловтәи аобласт Ахаҭарнакра анапхгаҩы;

6. АГАБАБОВ Алеқсандр Рафаел-иҧа - Орловтәи аобласт агәубернатор Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ ицхырааҩ – Агәубернатор Иаппарат анапхгаҩы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org