Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҭоурых –культуратә обиектқәа рыхьчара азҵаара иазку аилацәажәара

28.05.2015

Аҟәа, 15.00

Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа рыхьчара азҵаара иазку аилацәажәара.

Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рминистр, акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ, адепартамент аиҳабы Баҭал Кобахиа, адепутат Ахра Бжьаниа, Апрокурор хада актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Аршба, Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, Ахада иусбарҭақәа реиҳабацәа Давид Сангәлиа, Иракли Хынҭәба, ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгара.

Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара аартуа, иазгәеиҭеит Аҧсны аҭоурых –культуратә ҭынха рбаҟақәа рҭагылазаашьа шыбааҧсуа атәы. «Ҳбаҟақәа реиҳарак иаартны иуҳәозар, иҧхасҭатәуп. Атәыла аҭоурых-архитектуратә хаҿра ацәыӡра иаҿуп. Аҿыцаҧшьгаҩцәа цәырҵит, аныхабаақәа џьоукы ирыхьыз аилкаара уадаҩхеит. Аобиектқәа гәымбылрала, мдыррала ахырбгалара иаҿуп. Арҭ азҵаарақәа даара хылаҧшра рыҭатәуп. Иеилыргатәуп аобиектқәа зтәызтәыз дызусҭоу, насгьы урҭ рхатәтәра шыҟалаз, шьаҭас иамоу, априватизациа анрызуз урҭ ирықәыз ахәҧса.

Арҭ аобиектқәа рзы ҭакҧхықәра зду иақәнагоу аҧҟарақәа ирықәныҟәароуп. Апрокуратура иадысҵоит аилагарақәа ҟазҵо ирықәнагоу иақәдыршәарц, иаҭаххар ашьауҕатә усгьы хацыркзарц», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аилацәажәараҿы аҭоурых -культуратә ҭынха аҳәынҭқарратә хылаҧшреи, ахьчареи, ахархәареи, аиҭашьақәыргылареи, апропагандарзуреи хықәкыс иҟаҵаны, ирыдгалан аҭоурых -культуратә ҭынхазы иаку аҳәынҭқарратә сиа аҧҵара. Ахада араион анапхгарақәа ирыдиҵеит ари асиа ашьақәыргылараҿы Акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ганрацәала ацхыраара рырҭарц. Иазгәеиҭеит, аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа аинвентаризациа азуразы Аҳәынҭқарратә хықәкыхаҭалатәи апрограмма аҧҵара шаҭаху. Акультуреи аҭоурых –культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Кобахиа иазгәеиҭеит Ахада иҟаиҵаз ажәалагала иаамҭаны ишыҟаҵоу. Уи иажәақәа рыла, ишьақәырҕәҕәоу асиа Аҟәа ақалақь ала мацароуп иҟоу. Иара 295обиект еиднакылоит, егьырҭ Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рыҟнытә ишьақәырҕәҕәоу асиа ыҟаӡам. Араионқәа рнапхгаҩцәа рышҟа аҳәара ҟаиҵеит ас еиҧш асиа азырхиаразы. «Даара акраҵанакуеит хара имгакәа Ахада иусҧҟала иаку асиа ашьақәырҕәҕәара, уи аҧхьаҟа аинвентаризациа азухоит, иацҵаны аусгьы адулахоит. Иахьагьы иҟоу асиа шьақәырҕәҕәазар, ҳара иҳалшоит аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа ирызку азакәанҧҵара еилазго аҭакҧхықәра рыдҵара”, - иҳәеит Баҭал Кобахиа.

Уи иазгәеиҭеит иара убас иҟоу азакәанҧҵара арҽеира шаҭаху асанкциақәа рырҕәҕәара аганахьала. Иақәнагоу ажәалагалақәа шыҟаҵахо Аминистрраҟнытә ҳазҭоу ашықәса нҵәаанӡа.

Ельвира Арсалиа ажәалагала ҟалҵеит Аминистрцәа реилазаараҟны амонументалтә ҟазара иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы. «Акомиссиа ахықәкы хаданы иҟалароуп аҳәынҭқарраҿы иргылахо абаҟақәа, абаҟатә дыргақәа, амонументқәа ридеиеи рсахьаркыра аҳаракыреи ахылаҧшра рыҭара. Уи аилазаараҟны иҟазароуп 13 – ҩык - архитекторцәа, аҟазараҭҵааҩцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа - абаҟақәа, абаҟатә кыдҩылақәеи ирызку апроектқәа зегьы уи акомиссиа ашҟа инеилароуп. Акомиссиа иааиз ажәалагалақәа ирыхәаҧшны абжьгарақәа ҟанаҵоит, алкаагьы азнархиалоит», - лҳәеит аминистр.

Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа акомиссиа аҧҵара дақәшаҳаҭхеит. Иара убас уи иҳәеит Аҧсны иналукааша ауаа, ашәҟәыҩҩцәа анышә иахьамадоу апантеон аҭагылазаашьа шыбааҧсу, хылаҧшра шаҭаху.

Адепута Ахра Бжьаниа иазгәеиҭеит аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа аҳәынҭқарра амалқәа ируакны ишыҟоу.

Баҭал Кобахиа дазааҭгылеит Аминистрцәа реилазаара 2010 шықәсазтәи ақәҵарала адинтә еиҿкаарақәа ҿҳәарада аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа, хаҭала аныхақәа рхархәарахь риагара алзыршаз. Уи иажәақәа рыла, абри ақәҵара арҭ абаҟақәа рыхьчара алнаршаӡом.

Ахада иазгәеиҭеит, арҭ аобиектқәа ажәлари аҳәынҭқарреи ирхатәны ишыҟоу, даҽакала урт рызнеишьа шыҟамло. Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит Апрокуратура хада закәандарыла аҭоурых –культуратә ҭынха аобиектқәа рхархәара азҵаара хылаҧшра арҭарц. Ахада иҳәеит ари азҵаара аҵак ҷыда аҭаны дшазнеиуа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org