Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ иҧылара

03.06.2015

Аҟәа, 13.00

Рауль Ҳаџьымба Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава дидидкылеит.

Ари аиҧылара далахәын иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.

Ирылацәажәеит Венесуела Аҧсны Ацҳаражәҳәара аусура азҵаарақәеи аҧсуа-венесуелатәи усеицура аҧхьаҟа арҭбаареи арҕәҕәареи. Ҷыдала иазааҭгылеит Латиноамерикатәи атәылақәеи Аҧсни реимадара арҭбаара, арҵаулара атема. Убри инадҳәаланы ААР-еи Ацҳаражәҳәареи ҷыдала адҵақәа рзықәыпгылан.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org