03.06.2015
Аҟәа, 10.00
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара.
Ахада Аиҳабыра алахәылаҩцәа ирылеиҳәеит «Аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәразы» Аусҧҟа апроект азырхиара атәы.
«Ҳара акыраамҭа аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра ҳалацәажәоит. Хара имгакәа ари азы Аусҧҟа снапы аҵазыҩуеит. Аминистрцәа реилазаара адҵа рыҭахоит аминистррақәеи, аусбарҭақәеи, аппарати рыҟны аштаттә акрақәа рхыҧхьаӡара 15% иреиҵамкәа рыгырхаразы. Уахь иаҵанакуеит Ахада Иусбарҭагьы егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәагьы. Аҳәара ҟасҵоит ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала ари ауснагӡатә амҩаҧгаразы аматериалқәеи ажәалагалақәеи разырхиаразы», - иҳәеит Ахада.
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аусбарҭақәа рыҟны акырџьара аштатқәа мыцхәы ишрыцу, уск иахьеицаҿу шыҟоу. «Ҳбиуџьеттә хархәагақәа реиҧш урыстәылатәи афинанстә цхыраарагьы ҳаиҷаҳароуп. Аштатқәа реиҵатәрала зхы иақәиҭхо ахархәагақәа ауалафахәқәа разыҳарахьы идәықәҵахоит. Ари ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала имҩаҧгазароуп», - иаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада адҵа риҭеит аҧыза-министр, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩуцәа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәа иаарласны ари аус рнапы адыркырц азы. «Ари уажәаҧхьагьы имҩаҧгатәын. Ҳара ҳҳәынҭқарра арҕәҕәара ҳгәы иҭазар, абас аҳәынҭқарратә маҵурауаа рхыҧхьаӡара ркьаҿны, иаҭаху ааныжьны, еиҷаҳарала ҳазнеироуп. Арҭ аусмҩаҧгатәқәа ҳҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура аиҕьтәра иазкуп», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Аҧыза-министр Артур Амқәаб агәра шиго иҳәеит, аштатқәа рыркьаҿра аҳәынҭқарратә напхагараҭара ахаҭабзиареи алҵшәеи ишырныҧшуа атәы, ари апроцесс ахацыркразы иақәнагоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара дшазыхиоу.