27.05.2015
Аҟәа, 12.00
Имҩаҧысит Рауль Ҳаџьымбеи Аҧсны визит кьаҿла иааны иҟоу Аҩада Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Лев Кузнецови реиҧылара.
Аиҧылараан ирылацәжәан Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы 2015-2017 шықәсазтәи Аинвестициатә программа анагӡара азҵаарақәа.
Лев Кузнецов Ахада аинформациа ииҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аделегациа алархәны асоциалтәи анергетикатәи инфраструктура аобиектқәа рҭаара ала иҟаҵаз аихшьалазы. «Аҧыза-министр Артур Амқәаби ҳареи ҳаицәажәеит, ауааҧсыра рыҧсҭазаара ахаҭабзиара анырра азҭо ихадароу аобиектқәа (реиҭашьақәыргылараҟны) раамҭеихшара еиҳа ирҕәҕәаны ахылаҧшра аҳҭоит ҳәа», - иҳәеит Лев Кузнецов.
Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны аганахьала, Аинвестициатә программа анагӡаразы аусурақәа рхацыркра ишазхиоу. «Хымҧада, арҭ аусурақәа рынагӡашьа даара хылаҧшра бзиа рҭахуп», - иациҵеит Ахада.