26.05.2015
Рауль Ҳаџьымбеи иеицырдыруа урыстәылатәи асахьаҭыхҩы, аскульптор, аҳәынҭқарратә премиа алауреат Михаил Шемиакини еиҧылеит.
Аиҧылара иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаҧҳаи Ахада Иабжьагаҩ Владимир Занҭариеи.
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит асахьаҭыхҩы Аҧсны иазыҟазаашьа бзиа. «Шәара арахь шәаара ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Агәахәара ҳнаҭоит ҳара ҳтәыла, ҳажәлар ирызҿлымҳау арҿиара знапы алаку ауаа рҭаара. Ҳара адунеи аҿы ҳалеиркаауазар ҳҭахуп, аҟазара – ари ахықәкы анагӡара иацхраауеит», - иҳәеит Ахада.
Ельвира Арсалиаҧҳа лажәақәа рыла, Михаил Шемиакин иаара хҭыс дууп ҳтәыла азы. Аминистр иазгәалҭеит аҳәынҭқарра акультуреи аҟазареи рганахьала иҟаҵоу аҧшьгарақәа иахьрыдгыло аҵак ду шамоу.
Михаил Шемиакин Рауль Хаџьымба иҭабуп ҳәа иаиҳәеит адкыларазы. «Сара лыҧха змоу ари адгьыл аҟны уажәадагьы саахьеит. Раҧхьаӡакәны сааит 1961 шықәсазы, шәара шәыдгьыл ауп сыҧсҭазаараҿы иуадаҩыз аамҭазы сыҧсы ҭазҵаз сҳәар сылшоит. Сара гәынхәҵысҭала иеилыскааит, усҟан абрахь ауп иахьцатәу ҳәа», - иҳәеит Михаил Шемиакин. Иазгәеиҭеит аҧсуа жәлари урҭ рҵасқәеи ирҭаз агәалаҟазаара атәы.
Михаил Шемиакин Ахада изеиҭеиҳәеит Аҧсны аҵараиуратә проектқәа рынагӡаразы имоу аидеиақәа ртәы. Рауль Ҳаџьымба иҳәеит ус иҟоу аҧшьгарақәа рыдгылара дшазхиоу.
Рауль Ҳаџьымбеи Михаил Шемиакини иара убас иалацәажәеит 1992-1993 ш.ш. Аҧсны Жәлар рџьыньтәылатә еибашьраан зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз аҩадакавказтәи аибашьцәа рҵакы. «Карданов зыжәлаз аашьцәа иреиуаз аӡәы ари адгьыл аиқәырхаразы дҭахеит. Ҳара ҳажәларқәа шьала иеидҳәалоуп, уи ҧгара ақәӡам наунагӡа», - иҳәеит Михаил Шемиакин.
Иахьа ахәылбыҽха Ахада иҽалаирхәраны дыҟоуп Михаила Шемиакин иусмҭақәа рцәыргақәҵа аартра агалереиа «Аинар» аҟны. Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.