21.05.2015
Акыр иаҧсоу ҳџьынџьуаа, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа!
Зеижәтәи ашәышықәсазы ҳажәлар ирхыргеит атрагедиатә хҭысқәа, ахҵәара, арыцҳарақәа. Урҭ хашҭра рықәымкәа, Аҧсны аҭоурых аҿы наунагӡа иаанхоит. Ари агәаҟра бааҧс лахьынҵала иеиднакылеит ажәытә аахыс шьала-дала иеизааигәоу кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа.
Адепортациа даара ааха ҕәҕәа анаҭеит ҳажәлар рыҿиара. Уи иҭанарцәит ҳақалақьқәа, ҳқыҭақәа. Ааха- ҕәҕәа аиуит ҳбызшәа, ҳкультура. Аха убас шакәугьы,Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Европа, Америка инхо ҳџьынџьуаа, аҧсуаа, ачерқьесқәа, кавказтәи ҳдиаспорақәа ирылшеит рхатәы традициақәа, рбызшәа, рдоуҳатә хаҿра аиқәырхара. ,p.Иахьа ҳазегь ҳхырхәоит ари арыцҳара ду аан иҭахаз зегьы ргәалашәара ахьӡала. Агәра аагоит, ҳьынџьуаа рҭоурыхтә џьынџь ашҟа рыхынҳәразы аҧхьаҟа иҵегьы алшарақәа шырзаатуа. Аҧсны аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵалоит ҳауаажәлар реидкыларазы, ҳтәылаҿы анхара-анҵыра, абзазара аиҕьтәразын.
Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит абри агәалашәаратә акциақәа ирылахәу зегьы!
Иҟалааит ҳажәлар рыбжьара аизыразра, акзаара, аизҳа-зыҕьара!