09.05.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿы Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп.
9 сааҭки. 20 мин. рзы Рауль Ҳаџьымба Кремль днеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿы Аиааира 70 шықәсахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәразы ааҧхьара зыҭаз аҳәынҭқаррақәа рхадацәа реиҧылара ацеремонии аҽалархәразы.
Асааҭ 10.00. рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәын Москва Ашҭа ҟаҧшь аҟны имҩаҧысуаз Аиааира Апарад.
Арратә парад ахыркәашара ашьҭахь Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахадеи атәым ҳәынҭқаррақәа рхадацәеи дрыцны ашәҭқәа шьҭарҵеит Идырым Асолдаҭ Иҳаҭгәын аҟны Алеқсандр ибаҳчаҿы.
Рауль Ҳаџьымба ицуп Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы Зураб Маан. Аофициалтә делегациа дацын Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.