07.05.2015
Ижевск, 9.00
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Удмуртиатәи Ареспублика Ахада Алеқсандр Соловиови еиҧылеит.
Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарреи Удмуртиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикеи, агәыҳалалратәи, егьырҭ аҟәшақәеи рҿы русеицура арҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа.
Алеқсандр Соловиов Аҧсны Ахада инарҭбааны изеиҭаиҳәеит Удмуртиа имҩаҧысуа асоциалтә-економикатә процессқәа ртәы, дагьрыхцәажәеит аусеицураҿы еиҳа ҧеиҧш змоу ахырхарҭақәа.
Рауль Ҳаџьымба Александр Соловиов иҭабуп ҳәа иаиҳәеит ареспубликахь ааҧхьара ииҭаз азы. «Иахьа лассы-лассы Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рнапхгаҩцәеи ҳареи ҳаиқәшәоит. Аҧсуа-аурыстә еизыҟазаашьақәа реиқәшаҳаҭратә-зинтә шьаҭа, ҷыдала, аидгыларатәи астратегиатәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра иҳалнаршоит лҵшәа бзиала Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура арҿиара ахырхарҭала аусура», - иазгәеиҭеит Ахада.
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит рнапы зҵарыҩуа Аҧсны Аиҳабыреи Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра - економикатәи, аҭҵаарадырра – техникатәи, акультуратәи усеицура арҿиара хықәкыс измоу Амеморандум иамоу аҵак ду.
* * *
Рауль Ҳаџьымба иалагалажәа
Рауль Ҳаџьымба: Сара сеигәырҕьоит, аныҳәа ду – даҽазнык, анемец фашизм ззымиааиз иаку ҳәынҭқарраны ҳшыҟаз ала агәра ҳзырго аныҳәа аламҭалазы ара ҳахьыҟоу. Иахьа лассы-лассы Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рнапхгаҩцәеи ҳареи ҳаиқәшәоит. Аҧсуа-аурыстә еизыҟазаашьақәа реиқәшаҳаҭратә-зинтә шьаҭа, ҷыдала, аидгыларатәи астратегиатәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра иҳалнаршоит лҵшәа бзиала Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура арҿиара ахырхарҭала аусура. Арҭ алшарақәа иахьазы иҵегьы иҭбаахеит. Шәара ижәдыруеит Аҧсны ишыҟоу ҳара ҳшәарҭадареи Урыстәыла аладатәи арегионқәеи зыхьчо 7-тәи арратә база. Ҳара ҳҳәаа ахьчараҿы иҳацхраауеит. Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра ҳара алшара ҳнаҭоит аҧсуа-аурыс ҳәаа аартра – ури иаанагаӡом Аҧсны асуверентәра иагхоит ҳәа, уи аҭаглыазаашьа бзиақәа аҧнаҵоит ҳхатәы економикатә лшарақәа раҧҵаразы. Урыстәыла уи аҿы ҳацхраара иазхиоуп. Уажәтәи ҳвизит атәы ҳхәозар, мызқәак раҧхьа Шәареи сареи ҳаиҧылара ашьҭахь – иҟашәҵаз ааҧхьарала арахь саара – ақыҭанхамҩеи атуризми рыҟәшаҿы аимадара ҳабжьаҵара сара сзы акраҵанакуеит. Агәахәара снаҭеит ареспублика салсны избаз уаанӡа зыӡбахә сашәҳәахьаз ааглыхра. Даара хшыҩзышьҭра зҭатәу акоуп ҳәа агәаанагара соуит. Ҳара ҳтәыла еиҳарак аграртәуп, убри аан алшара дуқәа ҳамоуп атуристтә ҟәша арҿиаразы. Абарҭ азҵаарақәа рыҟны аус еицаҳаулар сҭахын даара. Агәра ганы сыҟоуп абри аганахьала аҵакы ду шамоу Аҧсны Аиҳабыреи Удмуртиатәи Ареспублика Аиҳабыреи рыбжьара ахәаахәҭра - економкатәи, аҭҵаарадырра – техникатәи, акультуратәи усеицура арҿиара хықәкыс измоу аиҳабырабжьаратә Меморандум анапаҵаҩра.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ааҧхьара иҳашәҭаз азы. Агәра згоит ҳара ҳаизыҟазаашьа - анапхгаҩцәа ҳаизыҟазаашьа – ҳтәылауаагьы реимадара, реизааигәахара ишацхраауа.
Иҭабуп!