24.04.2015
Аусҧҟа
Хакунов В.Иу. Аҧсны жәлар 1992-1993 шш. Аџьынтәылатә еибашьраан ириҭаз агәыҳалалратәи зыквалификациаҳараку амедецинатәи цхараарази «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы. Ианашьазааит Хакунов Владимир Иусуф-иҧа «Ахьӡ-Аҧша» орден III аҩаӡара.
АХАДА
Р. ҲАЏЬЫМБА
Аҟәа ақ.
Мшаҧы 24, 2015 шықәса
№111
Аусҧҟа
Татаршаов М. Х.- Б Аҧсны жәлар 1992-1993 шш. Аџьынтәылатә еибашьраан ириҭаз агәыҳалалратәи зыквалификациаҳараку амедецинатәи цхараарази «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ианашьаразы. Ианашьазааит Татаршаов Муҳарби Хаџьы-Беқьыр «Ахьӡ-Аҧша» орден III аҩаӡара.
АХАДА Р. ҲАЏЬЫМБА
Аҟәа ақ.
Мшаҧы 24, 2015 шықәса
№112
Аусҧҟа
Дерев С. Е. Аҧсны жәлар 1992-1993 шш. Аџьынтәылатә еибашьраҟны иргаз аиааираҿы илагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡара ианашьаразы. Ианашьазааит Дерев Станислав Едик-иҧа «Ахьӡ-Аҧша» орден II аҩаӡара иҧсрашьҭахь.
АХАДА Р. ҲАЏЬЫМБА
Аҟәа ақ.
Мшаҧы 24, 2015 шықәса
№ 113