Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови реиҧылара

28.04.2015

Черқьесск, 11.00

Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови реиҧылара.


Рашид Темрезов Аҧсны Ахада бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо даниҧылоз, инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭоурыхла, культурала иеизаааигәоу Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәылеи ирыбжьоу ҷыдалатәи, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа ртәы. ҞЧА Ахада дрылацәажәеит аҩганктәи русеицура аҿиара азҵаарақәа, раҧхьа иргыланы, аекономика аҟәшаҿы.

Рауль Ҳаџьымба ҞЧА Ахада иҟаиҵаз адкыларазы иҭабуп ҳәа иаҳәо, идигалеит ҞЧА Аҧсни планрацәалатәи русура ҧхьаҟа ашьақәырҕәҕәареи арҿиареи рылацәажәара, хаҭала, Аҧсни Урыстәылеи аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭреи егьырҭ адокументқәеи инарықәыршәаны.


* * *


Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови реиҧылара алагамҭа

Рашид Темрезов: Ҳаҭыр зқәу Ахада, Ҟарачы-Черқьестәылаҟа шәаара даара ҳаигәырҕьоит. Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Иҭабуп, аамҭа ҧшааны аиашьаратә республикахь шәахьымҩахыҵыз!


Ҳара Аҧсны аиашьаратә республиканы иҳаҧхьаӡоит насгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны имҩаҧыжәго аусура, сара хаҭала сгәаанагарала, шәара аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, Аҧсны Аҳәынҭқарра асуверенитети, ахьыҧшымреи рышьақәырҕәҕәаразы иқәшәыргыло ауснагӡатә иақәшәоит. Ҳара ҳганахьала иаабоит агәахәарагьы ҳнаҭоит ас еиҧш ашьаҿа бзиақәа ахьыҟаҵоу. Ишәзааигәаӡоу гәылаҵас - 192 км азеиҧш ҳәаа зыбжьоу шәаргьы ҳаргьы традициала ҳашьаҭақәа акуп. Ҳара ҳҿы иҟоуп 50 нызқьҩык шәара шьҭрала ишәзааигәаӡоу абазақәа. Абазеи Нагаитәии араионқәа қәыҧшуп, аҿиара иаҿуп, ҳара уснагӡатәны ҳҿаҧхьа иқәгылоуп аекономика аганахьала Ҟарачы-Черқьестәыла иашьашәалоу иақәнагоу раионқәаны рыҟаҵара.

Ҳара есқьынгьы ҳарзыҧшуп, бзиала шәаабеит раҳҳәоит ҳҩызцәеи ҳашьцәеи. Иахьа иааит аамҭа аеокномикатә усеицуразы. Уи ҵаҵҕәқәас иамоугьы рацәоуп даара. Раҧхьа иргыланы, ҳара ҳазлеиҧшу иҳамоу –аекономика аҿиараҿы ихадараны иҳаҧхьаӡоит, Аҧсны ҭоурыхла ишышьақәгылаз еиҧш, атуристтә ҟәша, ақыҭанхамҩа


Рауль Ҳаџьымба: Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз адкыларазы. Агәра згар сҭахуп, шәаргьы ҳаргьы уаанӡатәигьы аҧхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәагьы ҳусеицура ашьақәырҕәҕәара иазкхоит ҳәа.

.

Ҳара рыхә ҳаракны иаҳшьоит Ҟарачы-Черқьеснтәи Аҧсны 1992-1993 шш. аибашьра иалахәыз шәара шәҵеицәа, ҳара ҳашьцәа рылшамҭақәа. Иахьа аҭынч ҧсҭазаара ҳазхәыцроуп. Насыҧны шьҭа даҽа ҭагылазаашьоуп, даҽа лшарақәоуп иҳамоу.

Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра иҳалнаршоит Урыстәылатәи Афедерациақәа рсубиектқәеи ҳареи ҳекономика ашьапы ақәыргыларазы ҳаизыҟазаашьақәа рырҿыцра реиҕьтәра. Иҟоуп шәаргьы ҳаргьы ҳахьеидгылаша аҟәшақәа. Уи атуризми аграртә ҟәшеи рыҿиароуп, ара алшарақәа рацәаӡом. Аҧсни ҞЧА ахәаахәҭра-техникатәии акультуратәии аиҳабырабжьаратә Еиқәшаҳаҭра злаҳабжьоу ала, сгәы иаанагоит, ара аилибакаара ҳауп ҳәа. Иҟоуп аилибакааразы Амеморандум Аҧсны Аекономика аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт азы аминистрреи рыбжьара Черқьестәылеи Аҧсни автомашьына мҩа аргыларазы апроект анагӡаразы. Зыӡбахә ҳамоу Аҩада Кавкази, Урыстылеи Аҧсни зызҿлымҳау амҩаду ауп.

Сгәы иаанагоит, иахьа арҭи егьырҭ азҵаарақәеи ҳрылацәажәап, иҳалшогьы ҟаҳҵап ҳәа наҟ-ааҟ иаҳзыфеидоу апроектқәа рынагӡаразы. Иҭабуп.


Афото: Ҟарачы-Черқьестәи Ахадеи Аиҳабыреи рофициалтә саит аҟнытә


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org