Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит

29.09.2023

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.
30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара аԥсуа жәлар хацәнмырха ақәԥараҟны ахақәиҭразы, аҭынч ԥсҭазааразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит.
Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иаҭаны. Агәра згоит конструктивла ишьақәгыло ҳаимадарақәа ганцыԥхьаӡа рырӷәӷәара ҳзеиԥш интересқәа ишрықәшәо.
  Исҳәарц сҭахуп Урыстәыла аԥхьаҟагьы ганрацәала Аԥсны Аиҳабыреи ажәлари асоциал-екномикатә уснагӡатәқәеи амиалҭтә шәарҭадара алыршареи ирызку ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны ацхыраара шыҟанаҵало.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара.
Ҳаҭырла, Владимир Путин».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org