27.09.2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш. 1993 шықәса цәыббрамза 27 Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны фырхаҵара згым, аҵак ду змоу арыцхәқәа ируакуп.
Абри амш аҽны ихыркәшан Аҟәа зегьы ахьынӡанаӡааӡо ахақәиҭтәразы 12 мшы ицоз аоперациа.
Ҳархәҭақәа Аԥсны аҳҭнықалақь абираҟ шәыршәыруа ианахадыргыла ашьҭахь, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи аӷа дықәцаны аҭарцәразы ажәылара иацырҵеит.
Аҟәа аҭарцәра марианы иҟамлаӡеит. Иҳацәҭахеит шәҩыла ҳҵеицәа гәымшәақәа, иара убас аԥсуа жәлар зҭагылаз аамҭа хьанҭақәа раан аиашьара рзырурц иааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа. Рыхьӡ кашәара ақәым урҭ, хьӡи-ԥшеи згым афырхацәа!
Иахьа Аҟәа аҿиара, аиҭашьақәгылара ианаҿу, ҳара ҳаҭырла, гәыблыла иаҳгәалаҳаршәоит уи ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз зегьы.
Иҟазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аҟны аҭынчра, аизҳазыӷьара!
Ҽаанбзиала шәнеилааит, сыуаажәлар!