Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Очамчыра араион даҭааит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыламҭалаз

26.09.2023

Ахада Очамчыра араион даҭааит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыламҭалаз

Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра азгәаҭара аламҭалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭа даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭаҟны иҟоу аԥсыжырҭа ду ахь инагоу амҩа дахәаԥшит. А. Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза абжа еиҩнашаанӡа аԥсыжырҭа иаҵанакуа адгьыл ҭыԥи амҩеи реиҿкаара.

Анаҩс Ахада далахәын Маркәула ақыҭаҟны 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирызку Амемориал аартра инамаданы имҩаԥысыз амитинг.

Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа Аԥсны Ахадеи Маркәыла ауааԥсыреи иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари амемориал аргылараҟны иҟарҵаз ацхырааразы.

«Ишәыдысныҳәалоит зегьы Аиааира амш! Ари абаҟа аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны Аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз маркәылаа рфырхаҵара иадыргоуп.  Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит арҭ афырхацәа зааӡаз анацәа. Урҭ рыхьӡ кашәара ақәым», - Б. Бигәаа.

Аҳәынҭқарра Ахада Очамычра араион аҟны иныәараан ицын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аиҳабыра алахәцәа, араионтә Администрациа ахаҭарнакцәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org