Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада аизара мҩаҧигеит ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы

06.09.2023

Аҧсны Ахада аизара мҩаҧигеит ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аизара мҩаҧигеит ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы.

Аслан Бжьаниа адҵа инапы аҵаиҩит Арезервтә фонд аҟынтәи ахарџь азоужьзарц сынтәа аҧхын иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы  иацҵаны аԥара азоужьразы.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа  рзы аминистр Лев Кәыҵниа ҳазҭоу ашықәс аҧхынразы иҟалаз арыцҳара анализ азуа иҳәеит, Аҧсны ас еиҧш иҟало аҧсабаратә рыцҳарақәа ауаҩытәыҩсатә фактор шакәу еиҳарак изыхҟьо. "Зегь раҧхьа иргыланы, аҧшаҳәаҿы ииашамкәа иҟарҵо аргыларақәа ирыхҟьоит. Акурорттә усхк ала идыргыло аобиектқәа ахархәарахь ирырҭоит аҧҟарақәа ирхыҧаны",-ҳәа азгәеиҭеит аминистр, насгьы ихымҧадатәны иҧхьаӡоит ареспубликаҟны иаку амониторингтә система алагалазарц атәыла зегьы аҟны.

Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь Ахада адырра ииҭеит ҧхынгәымза 9 рзы араион аҟны иҟалаз арыцҳара аҧыхразы ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рзы. Иара иазгәеиҭеит уи иахҟьаны Гагра араион аҟны апхасҭа шроуз ақыҭақәа: Лӡаа, Алаҳаӡы, Колхида, Бзыҧҭа аҳабла, хәҭа-хәҭала иара ақалақьгьы.1200 ҩны аӡы рыҵалеит. Арыцҳара аанкылара иалахәын Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуцәа, уахгьы-ҽынгьы аус руан, иара убас ахархәара азун араион аҟны иҟаз атехника зегьы.

И. Хагәышь иажәақәа рыла, аҽныҵәҟьа иаҧҵан аоперативтә штаб аҧсабаратә рыцҳара аҧыхразы, убри  инаҷыданы акомиссиа, анхарҭатә ҭыҧқәа ироуыз аԥхасҭа  ахәшьара азҭо, уи иалахәхеит араион ахадацәа рхаҭыҧуаа, ақыҭақәа русбарҭақәа рхадацәа, араионтә еизара адепутатцәа. Акомиссиа ҩнаҭацыҧхьаӡа агәаҭарақәа мҩаҧнагеит, аматериалтә цхырааразы иахәҭоу аҧара шьақәнаргылеит. Администрациаҟны атәылауаа рҟынтә арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит. Ахәаҧшразы ирыдкылан арзаҳалқәа 467, урҭ рахьтә 447 ақәшаҳаҭра роуит. Арзаҳалқәа 20 акомиссиа изахымсӡеит, урҭ асасааирҭатә ҩнқәа акоммерциатә усура мҩаҧызго ҳәа иҧхьаӡан азы. Иара убас, арзаҳалқәа 16, Аҧсны атәылауаҩра змамыз рҟынтә иалаҵан, урҭ ахарџь хазы ирзоужьхоит.

Ахада иазгәеиҭеит, араион анаплакҩцәа ацхыраара ду шыҟарҵаз, иҷыдоу ахыҧхьаӡаларҭа иаларҵеит 15 млн.мааҭ аҧара. Арҭ аҧарақәа аԥхасҭа зауз аҭаацәара аматериалтә цхыраара иазырхан. Ҩымчыбжьа ирылагӡаны 8,5 млн.мааҭ рызшәахоит.

Инеидкыланы ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала 8,5 млн мааҭ рызшәан.
Араион Ахада изы Ахада зыӡбахә иҳәаз ауснагӡатәқәа рыҩныҵҟа иҟоуп аԥхасҭа зауыз зегьы рыцхраара. «Ҩнаҭак аанымхароуп ацхыраара змауыз», - иҳәеит иаҵшьны иара.
Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра атема иацҵаны, Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит Гагра араион аҟны аусурақәа зегьы шхыркәшоу. Убас аҳәынҭеилахәыра «Аԥсныаԥшаҳәахьчарара» аусмҩаԥгатәқәа ԥшьба хнаркәшеит 9 млнки 48 нызқьи рыхә. Урҭ Ахада Ирезервтә фонд аҟнытә иазоужьын. Убри инаҷыданы сынтәа инагӡоуп аусмҩаԥгатәқәа 17:
- Аҟәа Гәыматәи амҩа, ВИЕМ араион аҟны аӡхыҵра анаҩс аҵаргәатә ҭӡы еилыбгеит, ашәарҭара ыҟан анхарҭа ҩынқәа рызгьы. Аҭӡы еиҭашьақәыргылоуп Ахада ирезервтә фонд ахарџьқәа рыла - 3,5 млн.мааҭ;
- Очамчыра араион Ҧақәашь ақыҭан шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп ацҳа ду, ахә иартәеит 15 млн. мааҭ.  
- Лабра ақыҭан еиҭашьақәыргылоуп ацҳақәа ҩба.
- Очамчыра амшынтә баӷәазахь ицо амҩа еиҭашьақәыргылоуп – 2,5 млн мааҭ ақәхарџьуп;

Зынӡа, 2023 ш. Очамчыра  араион ҟны иҟалаз арыцҳара аҧырҟәҟәааразы Урыстәылатәи Афедерациаҟынтә иазоужьын 20 млн.мааҭ.
Уажәы аусурақәа цоит Очамчыра ақ. уахьалало аканал аҟны. Хымчыбжьа ирылагӡаны аусурақәа хыркәшахап ҳәа иазԥхьагәаҭоуп.
Иара убас Мықә ақыҭаҟны ацҳа аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп, ахарџьынҵала  аусурақәа рыхәҧса иартәоит 3 млн. мааҭк.

Гәылрыҧшь араион Ахада Саид Ҳаразиа иҳәеит араион аусбарҭахь аколлективтә шәҟәы шааз Маҷара ақыҭа анхаҩцәа рҟынтә аӡиас Маҷара ааҧын ианхыҵуа Заречнаиа амҩа ишаныло атәы зҳәо. Уи ашкол аҧырхага анаҭоит, иара убас ақыҭа аусбарҭа ахыбра, ааигәа иҟоу аҩнқәа. «комиссиа аҧаҳҵеит, аҭагылазаашьа ҭаҳҵааит, атәыла анапхгара рахь аҳәара ҟаҳҵеит ацхыраара ҳарҭарц»,- иҳәеит Ҳаразиа. Иара иазгәеиҭеит, Маҷара аӡиас аԥшаҳәа арӷәӷәаразы аусурақәа шымҩаԥгатәу.

Гәылрыҧшь араион аҟны мҽхакы ҭбаала аусурақәа цоит , аҳәынҭконтракт ахә - 103 млн.мааҭ артәоит. Еиҳаракгьы Кәыдры аӡиас аҟны, Очамчыра аган алеиҧш, Гәылрыҧшь аганахьалагьы. Аҭыҧқәа фба рахьтә, ҧшь-ҭыҧк рыҟны аусурақәа хыркәшоуп, ҩ-ҭыҧк ҟаҵатәны иаанхоит , Гәылрыҧшь араион аҟны иҟоу акалмаҳатә ааӡарҭеи, аӡахәааӡаҭреи афинанстә  цхыраара азоужьуп Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә.
Аӡиас аԥшаҳәаҟны афымцацәаҳәа ахьчаразы аусурақәа мҩаҧган ҵыҧх, аха сынтәагьы мҽхакыҭбаала аилак аусура иаҿуп.


«Аԥсны зегьы фымцамчла еиқәзыршәо 220 кВ амчра змоу афымца мҩанызго ацәаҳәақәа хԥа ҳахьчарц ҳҭахуп. Кәыдры иааиԥмырҟьаӡакәа аусурақәа цоит. Ҳазхәаԥшыз аканал аҵыхәтәантәи аӡхыҵра иҟалаз иацәнахьчеит Аӡҩыбжьеи Уарчеи.
Иара убас аусура мҩаԥаҳгароуп Маҷара аӡиас аҟны. 6,5 млн мааҭ ахьарбоу ахарџьынҵатә документациа хиоуп. Уажәы акомиссиа азыӡба аднакылеит арҭ аусурақәа рымҩаԥгаразы, аусура мҩаԥызго аиҿкаара жәамш рыҩныҵҟала аусура нап адыркуеит. Уи иагоит зымчыбжьаҟа», -ҳәеит Темыр Агрба.

Абри инаҷыданы, уи иажәақәа рыла, Кацыиқыҭ аусура иаларгоуп ацҳа ҿыц; Шәкәырча маҷ аҟны Ахада ирезервтә фонд аҟнытә «Аԥсныԥшаҳәахьчара» амчала аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит аҳаиртә баӷәазахь ицо амҩала иҟоу ацҳа. Хымчыбжьа-мызкы аҩныҵҟала ара аусурақәа хыркәшахоит.
Аԥыза-министра афинансқәа рминистр Владимир Делба дырра ҟаиҵеит иахьазы Ацхыраагӡатә фонд аҟнытә хархәара шамоу 358 млн мааҭ , ашықәс нҵәаанӡа иаанхаз аицҵалыҵ иартәоит 142 млн мааҭ. «Аԥсабаратә рыцҳара разԥхьагәаҭареи раԥыхреи рзы иныхуп 211 млн мааҭ, ари Ацхыраагӡатә фонд азеиԥш еицҵалыҵ аҟнытә процентла иартәоит  60%», - иаҵшьны иҳәеит иара.
Ахада и-Резервтә фонд аҟнытә аԥара аиҳарк асоциалтә проблемақәа – аҵара, АҶ раԥыхра ашҟа ицоит, Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит Ахада и-Резервтә фонд акыр ишацҵатәу, зегьы ианреиҵаха 10-150 млн мааҭ рҟынӡа.

Аилацәажәара хыркәшо, Ахада дасу инапы иану ахырхарҭақәа рыла анапынҵақәа риҭеит. Иара убас аҳәынҭқарра Ахада аилацәажаәара иалахәыз иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥыргаз аусуразы: «Шәаргьы саргьы ҳҿаԥхьа иқәгылоуп уснагӡатәны иҟоуп ҳтәылауаа рымаҵ аура, еиҳаракгьы абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаақәа раан. Ари азнеишьа иашоуп. Гагра араион Администрациа аколлектив, иара убас ауааԥсыра ирымоу апроблемақәа рыӡбара знапы алаку зегьы иҭабуп ҳәа сызрашәҳә», - иҳәеит Ахада.
Аилацәажаәара иалахәын , Аԥыза-министр Александр Анқәаб, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, араионтә администрациақәа рхадацәа.




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org