Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи Адыррақәа рымш рыдиныҳәалеит

01.09.2023

Аԥсны Ахада аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи Адыррақәа рымш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи Адырраёкща рымш рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, астудентцәа!

Гәык-ҧсык ала  ишәыдысныҳәалоит  игәырӷьахәу аныҳәа – Адыррақәа рымш!
Шәара, еизҳауа абиҧара ҿа - ҳтәыла аҧхьаҟатәи аҧеиҧш, ҳмилаҭ ахаҿра. Шәара шаҟа ҵарадыррала шәеиқәшәаны, ауаҩра шәыланы ишәызҳауа, убриаҟара еизҳазыӷьалоит, ишәҭыкакаҷлоит ҳ - Аҧсынра.
Агәра згоит шәхы аџьабаа анашәырба, зегьы иреиҳау аҩаӡарахь ахалара шшәылшо  , шәеихьӡарақәа рыла ҳтәыла шәызгәдуны шәшыҟало. Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, ҳтәыла акыр аҧышәарақәа шахҭнагахьоу, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларазы азинқәа хьчо.
Аҭынчреи асуверенитети Аҧсны иреиӷьыз аҵеицәа рыҧсҭазаарақәа ахҭнырҵеит. Агәра згоит, урҭ рфырхаҵарақәа шәхамыршҭкәа, шәымч-шәылша зегьы аҵара, адырра аиура ишазышәкуа, ҭынч нхара шәымазарц азы иқәҧоз шәеиҳабацәа рус ишацышәҵоҽ  
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!

Гәык-ҧсык ала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аҧсны аҿар реиҵааӡара, рдыррақәа реизырҳара зымч-зылша, зхы-зыҧсы азызкуа зегьы. Шәара шәҟәыӷареи шәҧышәеи шьаҭас иаҭаны, ҳхәыҷқәа аҵара ргәы азыҳәо иҟашәҵоит, рааӡара  шәнапы алакуп.

Абри аныҳәамш азы аҵаҩцәеи астудентцәеи, ишәзеиӷьасшьоит адыррақәа инарываргыланы, аиҩызара, аҵараҿы агәацԥыҳәара. Ижәдыруазааит, дасу шәылшарақәа шмаҷым шәхы аус адужәлалар. Шәхы агәра жәгала, аҵара шәҵала, аҿыц аартрақәа шәрызнеила. Шәахьыҟазаалак аҧеиҧш бзиа змоу Аҧсны шәахаҭарнакуп.

Арҵаҩратә еилазаара зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа, арҿиаратә гәацҧыҳәара, ачҳара имариам ахиррра зҵоу шәус аҟны.

   Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Адыррақәа рымш!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org