25.08.2023
Москва, ахәашаҽны имҩаҧысит Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведеви реиҧылара.
Д. Медведев Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 15 ш. ахыҵра арыцхә идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, ақәҿиарақәа!
«Гәык-ҧсык ала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Акрызҵазкуа арыцхә ааигәахоит - Урыстәыла Алада Уаҧстәылеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рхьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 15 ш. ҵит.
2008 ш. рзы Урыстәыла иаднакылаз ари азыӡба мариамыз, аха уи Кавказ аҭынxра шьақәнаргылеит, ареспубликақәа рыҟны атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи hsхьчара алнаршеит.
Уи нахыс ҳаизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп, аиҩызаратә, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, хымҧада урҭ аҧхьаҟагьы ирыцҵахоит.
Сара исҭахуп шәтәылауаа ироуз ахьыҧшымра рыдысныҳәаларц, усҟан жәларбжьаратәи азинқәа рсубиектқәа рышьақәгылара, хаҭала шәареи шәыуаажәлари ирзеиӷьасшьарц аихьӡарақәа. Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари арыцхә»,- иҳәеит Медведев.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла анапхгареи хаҭала Дмитри Анатоли-иҧеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит абас еиҧш илахьынҵаӡбагоу аӡбамҭа ахьрыдыркылаз азы.
«Шәара ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵарала аҧсуа ҳәынҭқарра аҿиараҟны алагала ду ҟашәҵеит,. Убри алагьы Аҧсны аҭынчра ашьақәыргылара алыршахеит.
Шәара ибзианы ижәдыруеит, 1993 ш. инаркны 2008 ш.-нӡа Аҧсны, Гал араион аҟны атерактқәа ирхырҟьаны ишҭахаз шәҩыла ҳтәылауаа, уи зегьы аанкылоуп, аҳәаа рӷәӷәоуп.
Иҳауит аҭагылазаашьа ҭынч анхара-анҵыразы, хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи еиҭашьақәыргылоуп, убас атеатрқәа, абарҭқәа зегьы аҭынчра ашьақәгылареи Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылареи ирыбзоураны. Аҧсны жәлар ари рхашҭраны иҟаӡам, избанзар, аҭынчра еиҳау акгьы ыҟаӡам»,- иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
«Ахьыҧшымреи аҭынчреи акыраамҭа ҳарзықәԥон. Уи амҩа ашьеи аҧхӡашеи ықәыршуп. Аҵыхәтәаны, Урыстәылатәи Афедерациа иабзоураны, аиаша аиааира агеит.
Адырра шәысҭарц сҭахуп, ҳзеиҧш проектқәа аҧхьаҟагьы ишыҿиало, ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа есааира иҳарӷәӷәалоит»,- иҳәеит иара, иара убас иациҵеит, иаҭахны ианыҟала Аҧсны Урыстәылеи аиашьаратә Республика Алада Уаҧстәылеи рыжәларқәа рыдгылара ишазхиоу.
Аслан Бжьаниа иара убас иҳәеит амшхәаҧштә аҟны иқәгылоу азҵаарақәа иаарласны ишыӡбахо, ҩ-тәылак реиҩызара еиҳагьы ишыӷәӷәахо.