15.08.2023
Даӷьысҭан Ареспублика ахада ихьӡала идәықәҵаз ашәҟәаҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Алим-иԥа,
Аԥсны гәалсрыла ирыдыркылеит Махачкала абылтәыҭаҭәарҭатә станциаҟны иҟалаз атҟәацра иахҟьаны иҭахаз ирызку ажәабжь.
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәалсра дула срыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, Даӷьысҭан ареспублика ҳаиашьаратә жәлар зегьи. Ааха зауыз зегьы агәабзиара роуааит».